Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа фольклорҭҵаара ауасхыр азышьҭазҵаз: Шоҭа Салаҟаиа игәалашәаразы

© Sputnik / Томас ТхайцукПрезентация книги "Эволюция эпической традиции". Шота Салакая
Презентация книги Эволюция эпической традиции. Шота Салакая - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.11.2021
Анапаҵаҩра
Раԥхьаӡатәи аԥсуа профессионалтә фольклорҭҵааҩ, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи Адыгатәи Жәларбжьаратәи аҭҵааарадыррақәа ракадемиеи ракадемик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААУ апрофессор Шоҭа Салаҟаиа 89 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит.
Аҩаша абҵара 9 рзы аҵарауаҩ Шоҭа Салаҟаиа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит.
Наала Гәымԥҳа, Sputnik
Шоҭа Салаҟаиа имҽхаикыз аҭҵаарадырратә хырхарҭақәа рацәан - афольклор, алитература аҭоурых, алитературатә критика, иҭиҵаауаз зегьы Нхыҵ Кавказ ҳаиашьаратә жәларқәа рҭынха иаҿирԥшуан. Иара иҭҵааратә усура мҽхакы ҭбаала еиларсуп: жәлар рҿаԥыц ҳәамҭақәа реизгареи ранҵареи инаркны, аԥсуа фольклор аепикатә жанрқәа рыҭҵаара аҟынӡа.
Шота Салакая  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.11.2021
Аԥсны
Иԥсҭазаара далҵит аҵарауаҩ-афольклорҭҵааҩ Шоҭа Салаҟаиа
Аԥсуа ҭҵаарадырра иаиуит харҭәаашьа змам ацәыӡ ду ҳәа иҳәоит Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.
"Шоҭа Хьыч-иԥа Салаҟаиа уаҩык, ааӡаҩык иаҳасабала уанизхәыцуа, даараӡа угәы унархьуеит иеиԥш зеиԥшу хырхарҭа рацәала, мҽхакы ҭбаала здырра ҵаулаз ауаҩы аԥсҭазаараҿы уаҳа дахьуԥымло, иажәа ҟәыш уаҳа иахьумаҳауа игәыхьны иаҳзыҟалеит зегьы", - иҳәеит Арда Ашәба.
Шоҭа Салаҟаиа иажәала, имҩақәҵарала аԥсуа ҵарауаа ракәым, Нхыҵ Кавказгьы аӡәырҩы аҭҵаарадырра амҩа ианылеит ҳәа азгәеиҭеит Арда Ашәба.

"Шоҭа Хьыч-иԥа иоуп раԥхьаӡа Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет аҿы афольклор иазкны алекциақәа ирыԥхьоз, астудентцәа рзы арҵага шәҟәы, ахрестоматиа ҭзыжьыз. Ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа еилиргозар, ирыгу-ирыбзоу ҳәаны, аха ргәы рмырхькәа иааирԥшуан аҩымҭа иадибалаз агха. Ахәыҷы инаиркны аду иҟынӡа бзиа деицырбон, иҟазшьа, иуаҩышьа, иеилкаара азыҳәаны. Аҵареи, ааӡареи, ауаҩреи, аамысҭареи зегьы еилазыгӡоз иҿырԥшыгаз ауаҩны наунагӡа ҳгәалашәараҟны даанхоит", - иҳәеит Ашәба.

Аҵарауаҩ Шоҭа Салаҟаиа иҭижьхьоу ишәҟәқәа рыҟнытә ихадақәоу ашәҟәқәа, иара ҵарауаҩык иаҳасабала ихьӡ-иԥша ҭызгаз иреиуоуп 1975 шықәса рзы ашәҟәҭыжьырҭа "Алашараҿ" иҭыҵыз еиҳау аҵараиурҭақәа рзы арҵагатә хархәага "Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа". Афольклорист Цира Габниаԥҳа лажәақәа рыла, ари ашәҟәы цхыраагӡа дуны ироуит Аԥсны ашколқәа зегьы реиҳабыратә классқәеи иреиҳау аҵараиурҭақәеи. Шоҭа Салаҟаиа илоуп аԥсуа фольклорҭҵаара аҿиара ишалагаз ҳәа азгәалҭеит Габниаԥҳа.
"Шоҭа Хьыч-иԥа Салаҟаиа ҳҵарауаҩ дуӡӡа, раԥхьаӡа еиҵагылаз абиԥара иаҵанакуа апрофессионалтә фольклорист иоуп. Раԥхьаӡа Нарҭаа ирызку аусумҭа аԥызҵаз иара иоуп. Иара илоуп аԥсуа фольклорҭҵаара аҿиара ишалагаз, ахы шакыз. Ауниверситет аҟны илиршаз даараӡа ирацәоуп, арҵага шәҟәқәа, апрограммақәа, ахрестоматиақәа реиқәыршәара акыр аџьабаа адибалеит. Уамакала ауаҩы дизааигәан, астудентцәа бзиа ибон, еилых ҟаиҵаӡомызт, зегьы дырхаҵгылон. Дыҟам ҳәа аҳәара ҳцәыцәгьоуп, игәалашәара еснагь иҳацзаауеит", - лҳәоит Цира Габниаԥҳа.
© Foto / предоставил Анатолий ЛагулааАҵарауаҩ Шоҭа Салаҟаиа
Шота Салакая  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.11.2021
Аҵарауаҩ Шоҭа Салаҟаиа
Шоҭа Салаҟаиа - раԥхьаӡатәи аԥсуа профессионалтә фольклорист, Нарҭаа репос аҭҵааҩцәа рахьтә Кавказ инарылукааша аҵарауаҩ, алитератураҭҵааҩ, акритик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Дырмит Гәлиеи Гьаргь Ӡиӡариеи рыхьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиақәа рлауреат, Аԥсны аҭҵаарадырреи акультуреи зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара занашьаз, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ хада, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥсуа литература акафедра апрофессор, Адыгатәи жәларбжьаратәии Аԥсны аҭҵаарадыррақәеи ракадемиақәа ракадемик, СССР-и, Урыстәылатәи Афедерациеи, Аԥсни Рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәа ирылаз, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа алахәыла.
Презентация книги Эволюция эпической традиции. Шота Салакая - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.07.2021
Ҳажәлар рҳәамҭақәа ҳажәлар ирыззырхынҳәуа: Шоҭа Салаҟаиа 88 шықәса ихыҵит
Шоҭа Салаҟаиа диит ԥхынгәы 18 1933 шықәса рзы Очамчыра араион Ҭхьына ақыҭан. Иқыҭа гәакьаҿы аа-классктәи ашколи Аҟәатәи аҳәынҭқарратә ҵараиурҭеи (аԥсуа сектор) данрылга, 1952 шықәса рзы А.М. Горьки ихьӡ зху Аҟәатәи апедагогикатә институт афилологиатә факультет (аурыс сектор) дҭалеит. 1956 шықәса рзы Салаҟаиа дҭалеит Ш. Руставели ихьӡ зхыз Ақырҭуа литература аҭоурых аинститут "афольклористика" азанааҭ ала. 1965 шықәсазы Шоҭа Салаҟаиа ихьчеит акандидаттә диссертациа "Основные виды абхазского героического и исторического эпоса" атемала, 1999 шықәса рзы Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу А.М. Горьки ихьӡ зху Адунеитә литература аинститут аҿы адоктортә диссертациа ихьчеит.
© Foto / предоставил Анатолий ЛагулааАҵарауаҩ Шоҭа Салаҟаиа иусумҭа
Шота Салакая  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.11.2021
Аҵарауаҩ Шоҭа Салаҟаиа иусумҭа
Шоҭа Хьыҷ-иԥа дравторуп 200 инареиҳаны аҭҵааратә усумҭақәа: ашәҟәқәа, афольклортә текстқәа реизгақәа, аԥсуаа рфырхаҵара-архаикатәи, рҭоурых-фырхаҵаратәи епос аҭҵаара иазку амонографиақәа, алитература-критикатә статиақәа, иреиҳау аҵараиурҭақәа рзы арҵага программақәеи арҵага-хрестоматиақәеи. Иара иҭҵаарадырратә статиақәеи ишәҟәқәеи рызкуп афольклортә хыҵхырҭақәеи амилаҭтә литература аҭоурыхи, аԥсуа-адыгеи, аԥсуа-ақырҭуеи егьырҭ алитературатәи акультуратәи еимадарақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0