Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсни Ҟабарда-Балкариеи рыбжьара автобустә еимадара хацыркхоит

© Sputnik / Томас Тхайцук Сухумский вокзал
Сухумский вокзал - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.11.2021
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 11 - Sputnik. Нальчики Аҟәеи рыбжьара автобусла аимадара хацыркхоит абҵара 14 рзы ҳәа аанацҳауеит Ҟабарда-Балкариа атранспорт аминистрра.
Аусбарҭа аинформациала иманшәалоу автобус ду Нальчик иқәҵуеит абҵара 14, 20, 26 асааҭ 9:30 азы автовокзал аҟынтә иқәҵуеит, Аҟәантәи – абҵара 16, 22, 28 асааҭ 9:30 рзы.
Аныҟәара мҩаԥнагоит МУП "Нальчикский транспорт", абилеҭ ахә - 2475 мааҭ.
Ԥхынҷкәынмза инаркны амаршрутқәа ирыцҵахоит.
Аҟәеи Нальчики рыбжьара автобустә еимадара аанкылан 2020 шықәса ԥхынҷкәынмзазы амҩангаҩ ГУП "Каббалкавтотранс-1438" ахьаԥыххаз азы.
Ажәабжьқәа зегьы
0