Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Очамчыра араион аҟны ирҳәеит 2021 шықәсазы аҽаҩра маҷхеит ҳәа

© Sputnik / Томас ТхайцукПроблемы с орехом
Проблемы с орехом - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.11.2021
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион адгьылқәаарыхразы ибзиоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, уи аҵакыра 180 гектар ыҟоуп.
АҞӘА, абҵара 13 - Sputnik. Ҳазҭоу ашықәсазы аҽаҩра маҷхеит 2020 ашықәс иаҿҳарԥшуазар, абри атәы иҳәеит Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа.
Президент посетил Кындыгское тепличное хозяйство Кындыг-Агро - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.11.2021
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Кындыӷтәи ауҭраҭыхааӡарҭа даҭааит
2021 шықәсазы аџьықәреи ларҵеит 1840 гектар рҟны, иҭаргалеит 5470 тонна аҽаҩра, арҭ арбагақәа 2630 тонн рыла еиҵоуп ҵыԥхтәи арбагақәа раасҭа.
2150 гектар рҟынтәи 1400 тонна араса рыҟәшәеит, 2020 ашықәс арбагақәа рыла - 350 тонн еиҵоуп.
Очамчыра араион зқь-тонна рҟынӡа ацитрустә шәырқәа рыҟәшәап ҳәа иазыԥшуп. 2020 шықәсазы иҟәшәаны иҭиин 2700 тонна.
Ауҭраҭых сынтәатәи аҽаҩра 4800 тонн рыла еиҳауп, ҵыԥхтәи арбагақәа раасҭа.
Бигәаа иҳәеит, Очамчыра араион ахадарахь ишнагаз Аԥсы ақыҭанхамҩа аминистрра ахықәкытә программа "2021 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара" алахәхаразы 49 абизнес-проект. Анаплакыҩцәа инарышьҭыз азыҳәақәа ҭырҵаауан акомиссиа ҷыда. 38 проект рыдыркылеит, дара рхарџь 26 миллиони 843 нызқьмааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Весенняя посевная в Краснодарском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.10.2021
Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиаразы ишьақәырӷәӷәоу апроектқәа рынагӡашьа аус шцо еилкаахеит
Ҳазҭоу ашықәс азы Очамчыра араион анхацәа амармалташьтә пты анарҵәаразы ирыҭан 5100 литрак арзыҩадагатә маҭәашьарқәа, 53 цыра ақәҭәагақәа. Апты анырҵәаразы ԥшь-бригадак аԥҵан.
Мраморный клоп  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Амармалташь пты анырҵәаразы Аԥсны быжь-миллион мааҭ азоурыжьуеит
Ажәабжьқәа зегьы
0