Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Сыжәлар срыцхраандаз ҳәа дыҟоуп: Лиудмила Ҳаразиаԥҳа лҭоурых

© Foto / Предоставлено Людмилой ХаразияЛиудмила Харазиаԥҳа лнысымҩа
Лиудмила Харазиаԥҳа лнысымҩа - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.11.2021
Анапаҵаҩра
Гагратәи амедицинатә ҵараиурҭа аиҳабы Лиудмила Дмитри-иԥҳа Ҳаразиа лҭоурых Sputnik аматериалаҿы.
Ҳаилазаараҟны иуԥылоит ауаа, зыԥсҭазаара абжеиҳан аҵара ҵара иазызкуа, есыҽны иҿыцу акы здырар зҭаху. Анаҩс урҭ адыррақәа рхархәарала рыуаажәлар рымаҵ руеит. Убарҭ дреиуоуп иахьа зыӡбахә шәзеиҭасҳәо, акыр шықәса Гагра араион Ахадараҟны аус зухьоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса Гагратәи амедицинатә ҵараиурҭа аиҳабыс иахагылоу Лиудмила Дмитри-иԥҳа Ҳаразиа.
© Foto / Предоставлено Людмилой ХаразияЛиудмила Харазиаԥҳа лнысымҩа
Лиудмила Харазиаԥҳа лнысымҩа - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.11.2021
Лиудмила Харазиаԥҳа лнысымҩа
Гагра ақалақь аԥсшәа зҳәоз ауаа унацәала иануԥхьаӡоз аамҭан ақырҭцәа "аҳра" аныруаз. Аԥсуа школ аҟамзаара иахырҟьаны абиԥара дуӡӡак рхатәы бызшәала рҿахәы рҳәартә еиԥш изыҟамлеит. Алшара змаз аҭаацәарақәа, рхәыҷқәа аԥсуа школқәа ахьаартыз егьырҭ ақалақьқәеи ақыҭақәеи рахь иганы иҭарҵон. Ус ҟарҵеит Гагра ақалақьуаа Дмитри Харазиеи иԥшәмаԥҳәыс Зинаида Бениаԥҳаи. Гагратәи абжьаратә аурыс школ №2 аҟны аҵара зҵоз рԥеи рыԥҳаи аамҭа цацыԥхьаӡа рхатәы бызшәа иацәыхарахоит ҳәа иԥхьаӡаны Бзыԥҭа аҳаблан аԥсуа школ иҭарҵеит.
"Бзыԥҭатәи аԥсуа школ аҟны ахатәы бызшәеи алитературеи ҳлырҵон Ольга Хәсин-иԥҳа Ԥлиа. Лара лыбзоурала аҷҷаҳәа аԥсшәа ҳҳәо ҳалагеит. Ҳҭаацәа рыӡбамҭа алҵшәа шиауз анырба ргәы азҳаит. Аҩны ҳанааидтәалозгьы ҳгәы иаҭахыз зегьы ҳбызшәала еибаҳҳәон", - аԥсшәа шылҵаз лгәалашәоит Лиудмила Ҳаразиаԥҳа.
© Foto / Предоставлено Людмилой ХаразияЛиудмила Харазиаԥҳа лнысымҩа
Лиудмила Харазиаԥҳа лнысымҩа - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.11.2021
Лиудмила Харазиаԥҳа лнысымҩа
Лиудмила лаб Дмитри Бахас-иԥа Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду далахәын. Иара 17 шықәса шихыҵуазгьы 2-тәи Беларуссиатәи афронт аҟны деибашьуан. Арԥыс ирратә уалԥшьақәа наигӡон 1946 шықәсанӡа. Аибашьра анеилгагьы Украина, Львов "Бандерааи" дареи аиҿыхарақәа рыман. Ашьҭахь Одессатәи Иреиҳау афицартә школ далганы Аԥсныҟа даауеит. Акыр шықәса инеиԥынкыланы иара аус иуан ауҭраҭых шьҭаҵарҭа аиҳабыс. Аамҭак ашьҭахь Дмитри динасыԥхоит Зинаида Бениаԥҳа. Аԥҳәызба днапҟазан, асареи аӡахреи ркурсқәа рҟны рҵаҩыс дыҟан. Аҭаацәараҿы иит Лиудмилеи лашьа Виталии. Ани аби атәым милаҭ зхаԥаз ақалақь аҟны ишынхозгьы, рхәыҷқәа рыԥсадгьыли, рыуаажәлари, рхатәы бызшәеи рахь абзиабара рыларааӡеит.
Абжьаратә школ ашьҭахь, аҵара ҵара зықәҿиуаз Лиудмила дҭалоит Ставропольтәи аполитехникатә институт, анџьныртә-ргыларатә факультет. Иреиҳау аҵараиурҭа далганы аԥҳәызба аусура далагоит Гагра араион Ахадараҟны. 1982 шықәса инаркны 1996-нӡа лара азеиԥш ҟәша аиҳабыси, аиҿкааратә ҟәша аиҳбыси, аусбаҩси дыҟан.
"Аинститут ашьҭахь араион Ахадараҟны аусура сахьрыдыркылаз аиаша шәасҳәап иааџьоушьаратәы иҟалеит. Усҟан шәара ижәдыруеит ақырҭцәа аԥсуа ҿар аԥынгылақәа шрырҭоз, аха сара аразҟы сымазаарын", - лҳәоит Лиудмила Ҳаразиаԥҳа.
© Foto / Предоставлено Людмилой ХаразияЛиудмила Харазиаԥҳа лнысымҩа
Лиудмила Харазиаԥҳа лнысымҩа - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.11.2021
Лиудмила Харазиаԥҳа лнысымҩа
Лиудмила, Бақәатәи Иреиҳау акоммунисттә школгьы далгахьан. Лара активла адгылара рылҭон амилаҭ хақәиҭратә қәԥара "Аидгылара" анапхгара. Араион Ахадараҟны аиҳабыратә маҵзурақәа ныҟәызгоз ақырҭцәа рыҩнуҵҟатәи аҭагылазаашьа маӡала иҭылҵаауан. Аԥсуаа Гагра ауаҭахқәа анрырымҭоз аамҭазы, Лиудмила агәаӷьра аарԥшны, ҿыц ахархәарахь инашьҭыз, иахьа "абхазский дом" ҳәа изышьҭоу, Абазгаа амҩаҟны игылоу, 16-еихагыла змоу 61-тәи аҩны ауаҭахқәа ақырҭцәа ирырҭараны ишыҟаз анеилылкаа, маӡала аҩны асхьема ахьҭыхыз аватман ҳәа изышьҭоу ақьаад лӡеит.
"Ари ақьаад аҟны иарбан аҩнеихагыла ауаҭахқәа рысхьемеи насгьы изоураны иҟаз ауаа рыжәлақәеи. Санахәаԥш ԥсыуак дзымбеит, аӡәык ҩыџьак аурысцәеи ерманыки анын. Ауха "Аидгылара" ахаҭарнакцәа Борис Кьехьыриԥеи Ҳараз Чамагәуеи адырра рыҭаны, ақырҭуа жәлақәа ҵәаӷәаны ауаҭах аиуразы агәаран иқәгылаз аԥсуаа анысҵеит. Адырҩаҽны ауаҭахқәа ҳауоит ҳәа иԥшыз ақырҭцәа неиаанӡа аԥсуаа шарԥазынӡа иҩналеит. Ари ахҭыс хымԥада ацтәы ахылҿиааит, аха аԥсуаа ҭаацәарақәа рыздәыламцаӡеит. Иахьа уажәраанӡагьы араҟа инхо рацәаҩуп", - ахҭыс еиҭалҳәоит Лиудмила Ҳаразиаԥҳа.
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аналага, Лиудмила Гагра араион ахадара аиҳабы, усҟан Р. Иазычба иакәын иҟаз дивагыланы Бзыԥҭа ақыҭсовет аштаб аҟны рмаҵурақәа рынагӡара ирыцырҵеит.
Аԥсны аҭынч ԥсҭазаара анышьақәгыла, 1997 шықәсазы Б. Кьехьыриԥа ихьӡ зху Гагратәи ааглыхратә техникум аҟны аамҭак рҵаҩыс аус уны, Лиудмила Дмитри-иԥа лхазы илыӡбоит Гагратәи амедицинатә ҵараиурҭа дҭаларц, иагьалылхоит афельдшертә ус афакультет. Даналгагьы араҟа даанхоит рҵаҩыс, хәышықәса анҵы ааӡаратә ҟәша аиҳабы имаҵурагьы лнапы ианырҵоит. Сынтәа иҵит 20 шықәса Лиудмила Ҳаразиаԥҳа амедицинатә ҵараиурҭа дазааԥсоижьҭеи. 2015 шықәсазы акыраамҭа директорс иахагылаз Лиудмила Тарнааԥҳа агәамбзиара иахырҟьаны лус анаанлыжь, Лиудмила Ҳаразиаԥҳа адиректор инапынҵақәа налыгӡон шықәсык, анаҩс ари амаҵураҿы дшьақәырӷәӷәан.

"Гагратәи амедицинатә ҵараиурҭа 1992 шықәсазы Бзыԥҭа аҳаблан иаартын. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра цонаҵы аиҵбыратә медицинатә персонал азхомызт азы ари аԥшьгара адгылара аиуит. Раԥхьаӡакәны директорс даман Теренти Цәышба. Шықәсык ашьҭахь, Гагра ақалақь уаанӡа ақырҭуа хәыҷбаҳча ахьыҟаз ахыбрахь ииаргеит, напхгарагьы алҭо далагеит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраан, атәылахьчара аминистрраҟны иаԥҵаз амедицицнатә штаб иалахәылаз, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Лиудмила Павел-иԥҳа Тарнаа. Аҵараиурҭа сынтәа 29 шықәса ахыҵит. Ари аамҭа иалагӡаны 1003-ҩык аушьҭымҭацәа адипломқәа роуит", - аҭоурых дазааҭгылоит Лиудмила Дмитри-иԥҳа.

Гагратәи амедицинатә ҵараиурҭаҿы зны х-факультетк аартын - ахаԥыц протезтә, амедицинатә еиҳәшьа, афельдшертә ус. Арҵаҩцәа разымхара иахырҟьаны ахаԥыц протезтә аамҭак ашьҭахь иадаркыр акәхеит. Инхаз аҩ-факультетк рҟны уажәазы аҵара рҵоит 104-ҩык астудентцәа. Амедицинатә еиҳәшьа азанааҭ аиуразы ҩышықәсеи бжаки аҭахуп, афельдшертә ус хышықәса. Иазгәаҭатәуп аҵараиурҭахь ишрыдыркыло 9-тәи акласс иалгазгьы, амала дара ԥшьышықәса аҵара ддырҵоит, 11-тәи иалгаз иаразнак аҩбатәи акурс аҿы идыртәоит.
© Foto / Предоставлено Людмилой ХаразияЛиудмила Харазиаԥҳа лнысымҩа
Лиудмила Харазиаԥҳа лнысымҩа - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.11.2021
Лиудмила Харазиаԥҳа лнысымҩа
"Гагратәи амедицинатә ҵараиурҭа иҭоу аиҳарак ақыҭа ҿар роуп. Иҟоуп амамзаара змоу. Дара рҭагылазаашьа еилкааны иҳамоуп хәыда-ԥсада аҵара зҳарҵо ҩыџьа, убасгьы шықәсык аҵаразы 25 нызқь шәатәызар, абжа ззахаҳхазгьы. Сара астудентцәа даара ирыцҳасшьоит. Шәрызхәыц ақыҭақәа рҟынтә иаауа, шарԥазы игыланы, акрымф, акрымжә, аӡынра аҵаа рҿашәы, аԥхынра акәыркә шоураха амҩаду иануп. Алекциақәа 10 рзы ҳрылагозар 9 ҟалаанӡагьы ианааиуа ыҟоуп. Еиҭах араҟа иԥшыроуп. Абарҭқәа срызхәыцны, хәыда-ԥсада аиҿкаара сылымшеит, аха ахә рацәамкәа чаик ахьыржәша, чаџьк иахьнацҳаша акрыфарҭа маҷ аус асаруит. Қьырала изгаз иласҳәеит ахәԥса бымысхӡом, амала ибҭиуазаалак 50 мааҭ иреиҳамзароуп ҳәа. Ахәыҷқәа рымҩақьыра шәо, рыфатә аахәо уиаҟара рҭаацәа иабарымоу, аха зегь акоуп амла ишадмыркуа еилкааны ирылшо ахә ала афатә лырмазеиуеит ҳхәыҟаҵаҩ", - лҳәоит аҵараиурҭа аиҳабы.
Астудентцәа шықәсык ҩынтә Гагреи, Гәдоуҭеи, Пицундеи, Аҟәеи ахәшәтәырҭақәа рҟны апрактика иахысуеит, иара убас Гагра иҟоу ареспубликатә агәабзиара чаԥарҭатә центр аҟны. Апандемиа алагеижьҭеи Гагреи Гәдоуҭеи ковид аҟәшақәа рахь ари аҵараиурҭаҟнытә аамҭа-аамҭала астудентцәа амедперсонал ацхыраара рырҭарц ирышьҭуеит. Ҳазҭоу амзазы 20-ҩык азона ҟаԥшь ахь ицеит.
© Foto / Предоставлено Людмилой ХаразияЛиудмила Харазиаԥҳа лнысымҩа
Лиудмила Харазиаԥҳа лнысымҩа - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.11.2021
Лиудмила Харазиаԥҳа лнысымҩа
Гагратәи амедицинатә ҵараиурҭа аушьҭымҭацәа аӡәырҩы Урыстәыла аинститутқәа ирҭаланы рдыррақәа еиздырҳаит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иҳақьымцәаны ихынҳәит Зураби Алинеи Барзаниаа, Михаил Данелиан, Дикран Чолокиан, Родион Ҳаразиа, Зинаида Матосиан, Сариа Шамԥҳа, Асҭанда Хьециаԥҳа. Ирацәаҩуп Аԥсни Урыстәылеи ахәшәтәырҭақәа рҟны медеиҳәшьцәас, убас косметологс, фармацевтс, массажҟаҵаҩыс уҳәа аусура иалагаз.
Иахьа аҵараиурҭаҿы астудентцәа алекциақәа ирзаԥхьоит 18-ҩык арҵаҩцәа. Урҭ рахьтә иҟоуп Гагреи Гәдоуҭеи ахәшәтәырҭақәа рҳақьымцәа.
© Foto / Предоставлено Людмилой Харазия

Гагратәи амедицинатә ҵараиурҭаҿы астудентцәа рхы иадырхәо амаҭәахәқәа

Гагратәи амедицинатә ҵараиурҭаҿы астудентцәа рхы иадырхәо амаҭәахәқәа - Sputnik Аҧсны
1/4

Гагратәи амедицинатә ҵараиурҭаҿы астудентцәа рхы иадырхәо амаҭәахәқәа

© Foto / Предоставлено Людмилой Харазия

Гагратәи амедицинатә ҵараиурҭаҿы астудентцәа рхы иадырхәо амаҭәахәқәа

Гагратәи амедицинатә ҵараиурҭаҿы астудентцәа рхы иадырхәо амаҭәахәқәа - Sputnik Аҧсны
2/4

Гагратәи амедицинатә ҵараиурҭаҿы астудентцәа рхы иадырхәо амаҭәахәқәа

© Foto / Предоставлено Людмилой Харазия

Гагратәи амедицинатә ҵараиурҭаҿы астудентцәа рхы иадырхәо амаҭәахәқәа

Гагратәи амедицинатә ҵараиурҭаҿы астудентцәа рхы иадырхәо амаҭәахәқәа - Sputnik Аҧсны
3/4

Гагратәи амедицинатә ҵараиурҭаҿы астудентцәа рхы иадырхәо амаҭәахәқәа

© Foto / Предоставлено Людмилой Харазия

Гагратәи амедицинатә ҵараиурҭаҿы астудентцәа рхы иадырхәо амаҭәахәқәа

Гагратәи амедицинатә ҵараиурҭаҿы астудентцәа рхы иадырхәо амаҭәахәқәа - Sputnik Аҧсны
4/4

Гагратәи амедицинатә ҵараиурҭаҿы астудентцәа рхы иадырхәо амаҭәахәқәа

1/4

Гагратәи амедицинатә ҵараиурҭаҿы астудентцәа рхы иадырхәо амаҭәахәқәа

2/4

Гагратәи амедицинатә ҵараиурҭаҿы астудентцәа рхы иадырхәо амаҭәахәқәа

3/4

Гагратәи амедицинатә ҵараиурҭаҿы астудентцәа рхы иадырхәо амаҭәахәқәа

4/4

Гагратәи амедицинатә ҵараиурҭаҿы астудентцәа рхы иадырхәо амаҭәахәқәа

"Ԥшьышықәса раахыс абитуриентцәа рзы аԥышәарақәа аԥаҳхит. Уеизгьы иаҳзааиуа аҿар рацәаҩым, избан аԥынгылақәа зраҳҭо. Абиологиа, анатомиа уҳәа реиԥш иҟоу амаҭәарқәа еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны ихарҭәааны ашкол аҟны иахымсыз ахәыҷқәа ыҟоуп, хымԥада дара аԥышәарақәа рзаҭаӡом. Убри аҟнытә иҳаӡбеит агәаҳәара змоу ҳадкыланы арҭ амаҭәарқәа ишахәҭоу еиԥш ирызнаганы аҵаратә программа рахьыргӡара. Аҵараиурҭаҟны астудентцәа инарҵауланы Аԥсны аҭоурыхи аԥсуа бызшәеи дҳарҵоит. Иалазгалар сҭахуп аԥсуара маҭәарк аҳасабала", - инаҵылшьит Лиудмила Дмитри-иԥҳа.
Аҵараиурҭа адиректори аҭаацәеи аимадара рыбжьоуп. Лиудмила Ҳаразиаԥҳа студентк алекциа дагхар, иаразнак ан ма аб дырзасуеит, ахәыҷы имаара мзызс иаҵоу еилылкаауеит. Иҟалалоит аҵарахьы сцоит ҳәаны ахәыҷы ҽаџьара имҩа анирхо, убарҭқәа раԥырҟәҟәаразы хылаԥшра ҷыда рылҭоит, иагхогьы уаҩ дыҟам.
"Аинтернет цәырҵаанӡа астудентцәа еиҳа рхы аус адырулон, ашәҟәқәа ирыԥхьон, уажәы ахшыҩзышьҭреи аҽеидкылареи рцәыхьанҭахеит", - лҳәеит адиректор.
Гагратәи амедицинатә ҵараиурҭа абиуџьеттә ҭыԥқәа хәба роуп иамоу. Урҭ рзы ауалафахәы аунажьуеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра. Егьырҭ аҭаацәаратә лагалақәа рҟынтә ирзыршәоит.
Сухумский офис Детского фонда ООН передал Министерству здравоохранения наглядные пособия для Сухумского медицинского колледжа и Гагрского медицинского училища. - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.10.2021
Аҟәатәи амедколлеџьи Гагратәи амедицинатә ҵараиурҭеи алабҿабатә рбагақәа роуит
Лиудмила Дмитри-иԥҳа иазгәалҭеит ауадақәа еилзырго дышрымам. Арҵаҩцәа рымчала ауп араҟа ацқьареи аиҿкаареи шаԥҵоу.
Аҵаратә процесс қәнагала амҩаԥгаразы аҵараиурҭа ацхыраара аиуоит агәабзиарахьчара аминистрраҟнытә. Ҷыдала лылаԥш ахуп акуратор Џьулетта Борис-иԥҳа Ԥачлиа. Лара лыбзоурала ҵыԥх акомпиутори аксерокси рзаахәан.
Ааигәа Еиду амилаҭқәа реилазаара ахәыҷтәы фонд "ИУНИСЕФ" ацхыраарала аҿаԥшыларатә цхыраагӡақәеи аманекенқәеи ааган Гагратәи амедицинатә ҵараиурҭахь. Ауаҩы ицәеижьхәҭақәа блала ибаны астудентцәа ироуоит алшара еиҳагьы рдыррақәа аизырҳара. Иазгәаҭатәуп уи аҽны арахь дшымҩахыҵыз Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Валериан-иԥа Быҭәбагьы. Уи иаара хҭыс дуны иҟалеит аколлектив азы. Лиудмила Ҳаразиаԥҳа лажәақәа рыла аҵараиурҭа ашьаҭа аркуижьҭеи Едуард Быҭәба ида агәабзиарахьчара иахагылаз министрк арахь дмааиӡацызт.
© Foto / Предоставлено Людмилой ХаразияЛиудмила Харазиаԥҳа лнысымҩа
Лиудмила Харазиаԥҳа лнысымҩа - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.11.2021
Лиудмила Харазиаԥҳа лнысымҩа
"Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ибзоурала "ИУНИСЕФ" ацхыраара ду ҳарҭеит. Иҭабуп ҳәа расҳәоит ҳастудентцәа рганахь иаадырԥшыз агәцаракразы. Ҳминистр иакәзар ҳлекциақәа дырҭааит, иҳаԥсҭазаашьаз ибеит", - инаҵылшьит лара.
Гагратәи амедицинатә ҵараиурҭа нап адкыланы илымоуп Лиудмила Дмитри-иԥҳа. Лара, ахыбра аремонт аҭахума, мамзар ҩнымаҭәак агхама дазыҳаҵҳаҵуа аҭыԥ иқәылҵоит. Аколлективи астудентцәеи лылаԥш рхуп, илызгәакьоу ауаа реиԥш илбоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0