https://sputnik-abkhazia.info/20211114/asny-imapgakhoit-agyalalrat-aktsia-iyshantalou-ashaar-1036331125.html
Аԥсны имҩаԥгахоит агәыҳалалратә акциа "Иҭышәынтәалоу ашьақар"
Аԥсны имҩаԥгахоит агәыҳалалратә акциа "Иҭышәынтәалоу ашьақар"
Sputnik Аҧсны
Ашьақарчымазара акьыбачымазара инаваргыланы адунеи аҿы еиҳа ишәарҭоу ачымазарақәа ԥшьба ирыҵаркуеит. 14.11.2021, Sputnik Аҧсны
2021-11-14T16:20+0300
2021-11-14T16:20+0300
2021-11-15T23:46+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102560/49/1025604941_0:86:1921:1166_1920x0_80_0_0_5a3a048e25b7907d12b7fe248bd45381.jpg
АҞӘА, абҵара 14 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны имҩаԥгахоит агәыҳалалратә акциа "Иҭышәынтәалоу ашьақар", Адунеизегьтәи ашьақарчымазара аҿагылара амш инамаданы, ҳәа азгәалҭеит ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны ашьақарчымазаратә еилазаара" аусзуҩ, апроект "Ашьақарчымазара зыӡбам" акоординатор Асида Адлеиԥҳа. Қалақь цыԥхьаӡа иҟоуп хатәгәаԥхарала аус зуа, урҭ агәаҳәара змоу зегьы ршьақар ршәоит. Акциа мҩаԥысуеит асааҭ 10:00 инаркны 14:00 сааҭ рҟынӡа."Ари акциа 2018 шықәса раахыс имҩаԥаагоит, ҵыԥх заҵәык имҩаԥаҳамгаӡеит атәылаҟны иалагалаз аԥкрақәа инарымаданы. Уаанӡа акциа мҩаԥаагон Аҟәеи Гагреи. Сынтәа ҳҽазаҳшәеит ақалақьқәа зегь рыҟны амаҩаԥгара, қалақь цыԥхьаӡа еиҿаҳкаауеит ашьа ахьарҭуа ҭыԥк-ҭыԥк. Хатәгәаԥхаралатәи аусзуҩцәа изҭаху зегьы ршьақар ршәоит хәыда-ԥсада", - ҳәа лҳәеит Асида Адлеиԥҳа.Апроект мҩаԥысуеит ауаажәларратә еиҿкаара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны. Ари ООН аҿиара Апрограммеи Европатәи аидгылеи адгылара арҭоит.Ашьақарчымазара акьыбачымазара инаваргыланы адунеи аҿы еиҳа ишәарҭоу ачымазарақәа ԥшьба ирыҵаркуеит. Иара шьҭрала ишьҭукаар ҟалоит. Аендекренологцәа ирҳәоит ачымазара азыԥхьагәаҭаразы шықәсык ахь знык иадамзаргьы ухы гәоуҭалароуп ҳәа.Ашьақарчымазара аҿагылара Адунеизегьтәи амш есышықәса иазгәарҭоит абҵара 14 рзы.
https://sputnik-abkhazia.info/20210507/Gal-araion-ay-ashaarchymazara-ashkol-aadyrtit-1032367923.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102560/49/1025604941_32:0:1739:1280_1920x0_80_0_0_b76aba4f469f4e4b6f0caaa7a8760c3c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аԥсны имҩаԥгахоит агәыҳалалратә акциа "Иҭышәынтәалоу ашьақар"
16:20 14.11.2021 (ирҿыцуп: 23:46 15.11.2021) Ашьақарчымазара акьыбачымазара инаваргыланы адунеи аҿы еиҳа ишәарҭоу ачымазарақәа ԥшьба ирыҵаркуеит.
АҞӘА, абҵара 14 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны имҩаԥгахоит агәыҳалалратә акциа "Иҭышәынтәалоу ашьақар", Адунеизегьтәи ашьақарчымазара аҿагылара амш инамаданы, ҳәа азгәалҭеит ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны ашьақарчымазаратә еилазаара" аусзуҩ, апроект "Ашьақарчымазара зыӡбам" акоординатор Асида Адлеиԥҳа.
Абҵармза 15 азы акциа мҩаԥгахоит Аҟәа, Гәдоуҭа, Гагра, Пицунда. Абҵара жәаф азы Афон ҿыц, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал.
Қалақь цыԥхьаӡа иҟоуп хатәгәаԥхарала аус зуа, урҭ агәаҳәара змоу зегьы ршьақар ршәоит. Акциа мҩаԥысуеит асааҭ 10:00 инаркны 14:00 сааҭ рҟынӡа.
"Ари акциа 2018 шықәса раахыс имҩаԥаагоит, ҵыԥх заҵәык имҩаԥаҳамгаӡеит атәылаҟны иалагалаз аԥкрақәа инарымаданы. Уаанӡа акциа мҩаԥаагон Аҟәеи Гагреи. Сынтәа ҳҽазаҳшәеит ақалақьқәа зегь рыҟны амаҩаԥгара, қалақь цыԥхьаӡа еиҿаҳкаауеит ашьа ахьарҭуа ҭыԥк-ҭыԥк. Хатәгәаԥхаралатәи аусзуҩцәа изҭаху зегьы ршьақар ршәоит хәыда-ԥсада", - ҳәа лҳәеит Асида Адлеиԥҳа.
"Лассы-ласс иҟалалоит, ас еиԥш иҟоу акциақәа рымҩаԥгараан ишаарԥшхо, зынӡа ашьақар чымазара рымоуп ҳәа згәы иаанамгаӡозгьы. Ус еиԥш иҟоу ирабжьаҳгоит аҳақьым илыдҵааларц. Акциа анымҩаԥааго ашьа злагәаҳтуа иаабац аглиукометр ала ауп, убри аҟнытә ашьақар чымазара рымоуп ҳәа ҳара ишьақәҳаргылаӡом, уи алкаа ҟазҵо аҳақьым лоуп", - лҳәеит Адлеиԥҳа.
Апроект мҩаԥысуеит ауаажәларратә еиҿкаара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны. Ари ООН аҿиара Апрограммеи Европатәи аидгылеи адгылара арҭоит.
Ашьақарчымазара акьыбачымазара инаваргыланы адунеи аҿы еиҳа ишәарҭоу ачымазарақәа ԥшьба ирыҵаркуеит. Иара шьҭрала ишьҭукаар ҟалоит. Аендекренологцәа ирҳәоит ачымазара азыԥхьагәаҭаразы шықәсык ахь знык иадамзаргьы ухы гәоуҭалароуп ҳәа.
Ашьақарчымазара аҿагылара Адунеизегьтәи амш есышықәса иазгәарҭоит абҵара 14 рзы.