Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Цу ҳфеит": аԥсуа ҵасқәа зныԥшуа ажәаԥҟақәеи ацуфарақәеи

© Sputnik / Валерий Шустов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДолгожители из абхазского села Джерда
Долгожители из абхазского села Джерда - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.11.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҵасқәа зныԥшуа ажәаԥҟақәеи ацуфарақәеи ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.

"Ахы змырдаз, алымҳа ифеит"

Ажәаԥҟа даҽакы иаламҩашьо ахатәы еиҿартәышьа амоуп. Иара ҳәоук ала ишьақәгылоуп, аха аҵакы ҭбаауп. Убасҵәҟьа ацуфарагьы. Уи ажәаԥҟа излеиԥшым зҵаара ҭакла иахьышьақәгылоу ауп. Ажәаԥҟақәагьы ацуфарақәагьы гәыԥ-гәыԥла еихушар ауеит, досу иаадырԥшуеи, изызкыуи, иззынархои рыла.Урҭ рыбжьара иуԥылоит ҳаамҭазтәи аҿар ирзеилымкаар алшо ахшыҩзцарақәеи аҵакқәеи, избанзар урҭ иаадырԥшуеит иахьа хархәара змам, ажәытәӡатәи аамҭақәа иртәу аҵасқәеи ақьабзқәеи.
Снимок в библиотеке Колледжа Иисуса в Кембридже фотографа Sara Rawlinson, попавший в шортлист конкурса Historic Photographer of The Year 2018 - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.06.2020
Ирхәыцгоу, ихшыҩԥышәагоу: аԥсуа жәлар рцуфарақәак ирызкны
Ажәытә ҵасқәа зныԥшыз ажәаԥҟақәа иреиуоуп: "Шьханыҟәа дыҟамкәа, шьханыҳәа ҟарҵон"; "Изҭачара змамыз, иԥҳа анабзыҭ лыциҵон"; "Ԥҳәысҳәан аԥҳәыс дышуоурыз, чмашәан ачма узшәондаз" – ажәытәан аԥҳәысаагараан ԥҳәыс даазгоз ачма ишәар акәын, уахь иаҵанакуан арахә-ашәахә, амаҭәа-ҩыҭәа, абџьар, аԥара. "Ахы змырдаз, алымҳа ифеит" – ачарақәа рҿы ҳаҭыр зқәу ауаа ахыбжа рымҵарҵоит, уи патуқәҵароуп. Аха ахыбжа зымҵарҵаз, алымҳа ифар, ԥхашьара дууп.

"Цу ҳфеит, цу ҳфеит..."

Атермин " ацуфара" ахаҭа акырзхыҵуа ажәоуп. Уи шьақәгылоуп ҩажәак рыла: "ацу"- ацуҭа, аҳабла, ақыҭа аанарԥшуеит, "фара" - афара.
Ацуфара аҳәараан еицлабуан. Уи еиҳарак изҳәоз зықәрахь инеихьаз ауаа ракәын. Урҭ ацуфараҿы ирымаз аԥышәа аҿар иреилдыркаауан, аҿар рыхшыҩ аус адыруан, идырхәыцуан. Иара уахынла, аҵх анԥырҽуаз, ма аҷаԥшьарақәа раан хәмарраҵас ирҳәон еимданы. Иаҳҳәап аԥшцәырҳәраан, ма даҽа аҩынтәи уск аҭаацәа еидтәаланы ианеицыҟарҵоз, гәыԥҩык ахәышҭаара азганк ахь итәон, даҽа гәыԥҩык егьи аганахь. Рус иахьынӡаҿыз наҟ-ааҟ ацуфарақәа рхәыцраҿы еисон, аамҭагьы ирымбаӡакәа ицон, рааԥсарагьы рханаршҭуан. Иаиааиуаз, ацуфарақәа еиҳаны рҭак ииашаны иҟазҵаз абас рҳәон: "Цу ҳфеит, цу ҳфеит, ахьаҭра ахьаҩ ааҭҳаргеит".
Старейшая жительница абхазского села Кутол Хьфаф Кутол во время встречи с школьниками. - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.02.2020
Ацу ҳфеит, ацу ҳфеит, ахьаҭра ахьаҩ ааҭҳаргеит: аԥсуа цуфарақәа рҵаки рхархәашьеи
Ацуфарақәа ажәытәӡатәи аамҭақәа инадыркны инеиҭаҳәа-ааиҭаҳәо иааргоит рҵакы мԥсахӡакәа. Урҭ ирылоуп иахьа ажәлар рыбзазараҿы хархәара змам амаҭәарқәа рыӡбахә. Иаҳҳәап: "Абгахәыҷы ҳәынҵәалаха" (аҟаԥҟаԥ). Аҟаԥҟаԥ шьаҵа ҳасабла иныҟәрымгоижьҭеи акрааҵуеит, аха ацуфараҿы иаанхеит.
Аԥсуа жәлар ажәытәан рыбзазара зеиԥшраз цқьа иззымдыруа ауаҩы ацуфара аҵакы инагӡаны аилкаара ицәыуадаҩхоит. Иаҳҳәап, ажәытәан аԥсуаа ахәышҭаара агәы ршны, амажәа абӷьы илаҵаны уа иқәырҵон. Ус акәын амгьал ду шырӡуаз (ас еиԥш амгьал макьанагьы иахьырӡуа Жәабран ныҳәазы ауп). Абри амгьал аӡышьа аформа иахылҿиааит анеҩстәи ацуфара: "Ҭаацәа ргәырӷьага, мцарцәага" (амгьал). Ари амгьал аӡышьа зымбац, иззымдыруа иагьизеилкаауам "иарбан гәырӷьагоу амца зырцәо".
Грецкий орех  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.05.2021
"Еиҭоумҳаз аҵла аԥҟара мариоуп": абжьгара-лабжьаратә ҵакы змоу ажәаԥҟақәа
Даҽа қьабзк аанарԥшуеит абас еиԥш иҟоу ацуфара: "Аҳ иеимсы ишьихуеит, аҭаацәа еибаргәырӷьоит" (ашьтәа ацәа анахырхуа).
Ҳаамҭазы ацуфарақәа ахархәара рызҭо ахәыҷқәа роуп, дара урҭгьы ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҟны иддырҵо роуп, ажәлар рҿы еиҳа имаҷны ахархәара рымоуп, макьанагьы еиҭазҳәо аиҳабацәа шыҟоугьы (урҭ уразҵааны ианыдурҳәо ауп ианырҳәо). Ажәаԥҟақәа ракәзар, еиҳа ажәлар рҿы аларҵәара рымоуп. Урҭ ацәажәараан хшыҩзцарак аарԥшразы ацәажәацәа ҟазацәа рхы иадырхәоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0