Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Акциа "Ақьиара аурок" мҩаԥысит Аԥсны

© Sputnik / Асмат Цвижба Акция "Урок добра" прошла в Абхазии
Акция Урок добра прошла в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.11.2021
Анапаҵаҩра
Адунеи зегьы аҿы Ақьиара амш азгәарҭоит абҵара 13 рзы. Абри амш аҽны, 1998 шықәса рзы Токио иаатит Ақьиаразы актәи адунеизегьтәи аконференциа.
АҞӘА, абҵара 15 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Акциа "Ақьиара аурок" мҩаԥысит Аԥсны, Баграт Шьынқәба ихьӡ зху аҟәатәи ашкол №1 аҿы.
Акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны афбатәи акласс аҿы имҩаԥыргеит асеминар аинтерактивтә формала. Ахәыҷқәеи арҵаҩцәеи ақьиара иалацәажәеит, рыҽрыладырхәит аицлабрақәа, еицырҳәеит ашәа.
Лҩызцәа дрылукаауа дыҟан Дилара. Лара лгәаанагарала, ақьиара ауаҩы иганахь иааирԥшуа ицәаныррақәа роуп.
© Sputnik / Асмат Цвижба Акция "Урок добра" прошла в Абхазии
Акция Урок добра прошла в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.11.2021
Акция "Урок добра" прошла в Абхазии
"Ааигәа адәқьан ахь ҳцон. Амҩан дҳақәшәеит имлагоз ауаҩы. Уи аԥара иаҳҭеит афатә ааихәарц", - ҳәа еиҭалҳәеит аӡӷаб.
Актәи ашкол аҿы иаарту аурок далахәын Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа.
"Ари акрызҵазкуа мшуп. Ирҳәоит адунеи аԥшӡара еиқәнархоит ҳәа. Аха адунеи еиқәзырхо ақьиароуп. Акраҵанакуеит ашколқәа рҿы ари амш ахьазгәарҭо. Арҵаҩы ихықәкуп иахьатәи аамҭазы ақьиара аҵакы ахәыҷқәа деилыркаара", - ҳәа лҳәеит лара.
Акциа "Ақьиара аурок" акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" бжьынтәуп Аԥсны имҩаԥнагоижьҭеи, Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра адгыларала. Есышықәса ари амш еиуеиԥшым аформақәа рыла имҩаԥыргоит. Сынтәа ихадоу темас ишьҭыхын зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа, урҭ рзинқәа.
"Хықәкы хадас иҟоу ахәыҷқәа ргәы разны, ргәы ҭбааны рааӡароуп, ақьиара адунеи шеиӷьнатәуа деилыркаароуп", - лҳәеит Кәарҷелиаԥҳа.
© Sputnik / Асмат Цвижба Акция "Урок добра" прошла в Абхазии
Акция Урок добра прошла в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.11.2021
Акция "Урок добра" прошла в Абхазии
"Ақьиара аурок" ашьҭахь ахәыҷқәа афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа ацхыраара рзыҟарҵеит.
Акциа мҩаԥысуеит ареспублика егьырҭ ашколқәа рыҿгьы.
Ажәабжьқәа зегьы
0