Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны алашара арцәара аграфик ҿыц аларгалоит

© Sputnik / Марианна Кубрава Отключение электричества
Отключение электричества  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.11.2021
Анапаҵаҩра
Афымцамч усхк аусзуҩцәа ауаа ргәырҽанырҵоит афымцацәаҳәақәа рҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу ишашьклаԥшуа, урҭ ирықәу аидара иазҳалар, аграфик еиҭаркыр шрылшо.
АҞӘА, абҵара 15 - Sputnik. Аԥсны аамҭа-аамҭала алашара арцәара аграфик ҿыц алагалахоит абҵара 16 асааҭ 00:00 инаркны. Абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.

Аграфик ԥсахуп афымцацәаҳәа хадақәа "Шешелеҭ-1", "Аҽгәара" ирықәу афымцамчхара ахьеиҳахаз азы.

Иазгәаҭоуп аԥсҭазаареиқәыршәаратә обиектқәа, иаҳҳәозар, аҵәыҵәритә станциақәа, аковидтә госпитальқәа, иара убас ауаажәлар ӡыла еиқәзыршәо аӡыҭгагақәа рҿы афымцалашара шаҿырымхуа.
Афымцалашара дырцәалоит ҵаҟа иаагоу аграфик инақәыршәаны.
Уаанӡа, жьҭаара 28 инаркны Аԥсны мрагыларатәи ахәҭеи Аҟәа ахәҭаки аамҭа-аамҭала алашара дырцәо иалагеит афымцацәаҳәа-110 "Шешелеҭ-1" иазышьҭымхуа ақәыӷәӷәара аиуа иахьалагаз азы.
Абҵара 14 рзы афымцамч аусхк аусзуҩцәа ацәаҳәа "Шешелеҭ-1" аамҭа-аамҭала идырцәо иалагеит, иаҭаххар ҽынлагьы ирцәахоит ҳәа иӡбаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0