Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гагра ҩнеихагылак аҿы анхацәа аӡыржәтә рԥырхагахеит ҳәа агәҩара ыҟоуп

CC0 / / Смеситель
Смеситель  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.11.2021
Анапаҵаҩра
Гагра араион асанитар-епидемиологиатә маҵзура Лакоба имҩаҿы игылоу аҩны ахь инеиуа аӡы ҭырҵаауеит.
АҞӘА, абҵара 16 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра, Лакоба имҩаҿтәи аҩнеихагылаҿы инхоз ауааԥсыра аӡыржәтә рԥырхагахазар ҟалап ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит Инга Џьниаԥҳа.
Инга лхәыҷи лареи ахәшәтәырҭа иҭашәеит.
"Ҳара еснагь аӡы акран аҟынтәи иаажәуеит. Уи аҽны сан лҿы ҳаҟан. Амҽыша ауха ахәыҷы ихы бааԥсны ибо далагеит. Ахәшәтәырҭахь даагеит. Уаҟа ирҳәеит акьатеи чмазара ҿкы шакәу. Ҩымш рышьҭахь аҩныҟа саныхынҳә саргьы схы бааԥсны избо салагеит. Сан аҭел санылзас, еилкаахеит аҩнаҿы ирацәаҩны ишычмазцәахаз", - ҳәа лҳәеит Џьниаԥҳа.
Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы ирҳәеит арахь ишыдҵаалаз дуки хәыҷыки. Урҭ адырҩаҽны иҭырҩааит.
Асанитартә ҳақьым хада Амина Иазычԥҳа лажәақәа рыла, асанитартә маҵзура аҟазауаа аӡы анализ ргеит аҭҵааразы. Уи аҭак мышқәак рыла иҟалоит.
Гагра анхамҩа-хархәаратә усбарҭа аиҳабы Ахра Ажьиба иҳәеит иҟалаз мзызс иамоу атәы.
"Мышқәак абри аԥхьа ақалақь егьи ахәҭаҿы аӡымҩангага рыԥсахуан. Акемпинг ахь инеиуаз амагистраль атрубаҿы аҳауадара ҟалеит. Аӡыҭгагақәа аҳауа харгалеит, уаанӡа аӡы ахьыҟаз аӡмахә аҟынтә аӡы халеит. 3-4 мшы рышьҭахь атруба аӡы ҭалеит. Аӡмахгьы акранқәа рахь инеит. Ауаа уи рзымдрыкәа аӡы ржәит", - ҳәа иҳәеит иара.
Ажьиба иҳәеит апроблемахаз атрубахәҭа рыԥсахит, атруба ҿыц ала аӡы нарышьҭит ҳәа. Иара иҳәеит ақалақьтә коммуникациақәа 40 шықәса рхыҵуеит, урҭ ԥсахтәуп ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0