Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа Аҟәа аиԥыларақәа мҩаԥыргеит

© Foto / пресс-служба Президента РАПрезидент Аслан Бжания принял сопредседателя Международных женевских дискуссий по безопасности и стабильности в Закавказье
Президент Аслан Бжания принял сопредседателя Международных женевских дискуссий по безопасности и стабильности в Закавказье - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.11.2021
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 17– Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дырԥылеит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩы, аиҿцәажәарақәа рҿы Евроеидгыла ахаҭарнак Аише Джихан Султаноглы, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аише Џьихан Султаноӷлы Атәыла ахада иахьидикылаз азы иҭабуп ҳәа иалҳәеит, иазгәалҭеит ԥхынҷкәын 7-8 рзы имҩаԥысраны иҟоу Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу 55-тәи рраунд аламҭалазы излацәажәараны иҟоу азҵаарақәа шырацәоу.
Сопредседатели Женевских дискуссий провели встречу в МИД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.11.2021
Аԥсны
Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы еиԥылеит
Иара убас, абҵарамза 17 рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа Аише Джихан Султаноглыи Хаило Мамоуи Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаҩ Асида Шьаҟрылԥҳаи реиԥылара мҩаԥысит.
Уи аԥхьа Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы еиԥылеит.
Женеватәи Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит 2008 шықәса раахыс. Иахьазы ароуп Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла рхаҭарнакцәа еидтәаланы реицәажәара ахьалшо.
Бжьаҟазацәаны иалахәуп Урыстәыла, ЕАА рхаҭарнакцәа, ацхантәаҩцәа –ООН, ЕС, ОБСЕ.
Ажәабжьқәа зегьы
0