Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ача ахәԥса 28 мааҭ рҟынӡа ихалар ҟалоит

© SputnikХлеб
Хлеб - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.11.2021
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи анаплакыҩцәа аиҳабыра рахь аҳәара ҟарҵеит аӡа ахәԥса ахалара инадҳәаланы ача ахә ацҵара алыршахарц.
АҞӘА, абҵара 18 - Sputnik. Аԥсны ача ахәԥса 28 мааҭ рҟынӡа ихалар ҟалоит. Абри атәы рҳәеит Аԥсуа телехәаԥшраҿы.
Аԥснытәи анаплакыҩцәа аиҳабыра рахь аҳәара ҟарҵеит аӡа ахәԥса ахалареи амҩангара ахәԥса ахалареи инарыдҳәаланы ача ахә ацҵара алыршахарц.
"Ауаҩы ихала амажәа кәаҳаны чахык аниӡуа ахә мариоуп, аха ааглыхра ду, ауаа рацәа аус ахьыруа – ари аҽакуп. Уадаҩрас иҳамоу аус иазҟазоу ауаа рыҟамзаара ауп. Иҟоугьы аулафахәы ахьмаҷу иахҟьаны аусура рҭахым", - ҳәа лҳәоит Аԥсны ачаӡыҩцәа Реидгыла алахәыла Нонна Чантуриаԥҳа.
Алина Жвания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.06.2021
Арадио
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Жваниаԥҳа Аҷандара ачаӡырҭа аусушьа атәы
Азҵаара анырра анаҭеит абылтәы ахә ашьҭыҵра, лассы-лассы афымцалашара арцәара. Ачаӡыҩцәа иазгәарҭоит рнапы злаку аус афеида аасҭа ахарџь шырзаанаго, убри азы аиҳабыра рахь аҳәара шыҟарҵаз.
"Уаанӡа аҭагылазаашьа феида дук узаанамгозҭгьы уажәы ихарџьхеит. Ари аҩыза аҭагылазаашьаҿы наплакҩык аусура иҭаххом. Иҟоу адырра шәаҳҭеит. Азҵаара ӡбамхар ҳусура аанаҳкылар акәхоит", - ҳәа лҳәеит Чантуриаԥҳа.
2019 шықәсазы ача ахә 20,5 мааҭ рҟынтәи 24 мааҭ рахь ихагалан.
Ажәабжьқәа зегьы
0