Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бараҭелиа: 2021 шықәсазы акриптофермақәа раарԥшразы агәаҭарақәа мчыбжьык хынтә имҩаԥаагоит

© AP Photo / Steve HelberПоклонники, используемые для охлаждения биткойн-майнеров, подключаются к майнерам во время строительства биткойн-центра обработки данных в Вирджиния-Бич
Поклонники, используемые для охлаждения биткойн-майнеров, подключаются к майнерам во время строительства биткойн-центра обработки данных в Вирджиния-Бич - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.11.2021
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 18 – Sputnik. 2021 шықәсазы азакәаншьаҭа змам акриптофермақәа раарԥшразы иааларҟьаны агәаҭарақәа мчыбжьык ахь хынтә имҩаԥаагоит, ҳәа иҳәеит араион ахада Аслан Бараҭелиа имҩаԥысуаз аилацәажәараҿы.

Зынӡа араион аҿы ашықәс аҩнуҵҟа иқәган 35 ферма, ирылган 1815 маруга акриптовалиута аиуразы.

Иара иазгәеиҭеит араион аҿы афымцалашара ахәԥса аизгара ушамыргәырӷьо. Нанҳәамза аахыс афымцамч ахархәара ахәԥса 11 миллион мааҭ артәеит, еизган 5 миллион мааҭ. Мышкала араион ахы ианархәоит 29 мегаватт.
Криптоферма была обесточена и опечатана  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.02.2021
Гәылрыԥшь ахада еиҭеиҳәеит иԥшааз акриптофермақәа ишықәыргаз
Бжьаниа араион ахада иеиҳәеит Очамчыра араион аҿы ауаа рыбзазара еиҳа ишеиҵоугьы алашараз аԥареизгара еиҳа еиӷьны ишымҩаԥысуа.
Ақыҭақәа рхадацәа рнапы ианҵоуп алашараз аԥареизгара 80 процент рҟынӡа ихаргаларц.
Атәыла ахада иара убасгьы иҳәеит Аинвестпрограммала Гәылрыԥшь араион аҿиара ишазоужьхо 400 миллион мааҭ, убри аан Гал араион зынӡа ишарбам.
Аслан Бараҭелиа иара убасгьы аҳасабырба ҟаиҵеит араион аҿы акриминогентә ҭагылазаашьа шыҟоу азы.
Иҳәеит 2021 шықәсазы ишазгәаҭоу 51 цәгьоура, ииасыз ашықәс азы - 59. Иаарԥшуп 10 цәгьоурак. Аарԥшра аиҿырԥшрала 0,9 процентк иацуп.
Аԥсшьаҩцәа рганахь ала ацәгьоура азгәаҭам.
Араион аҿы 31 мҩатә машәыр аҭыԥ рыман. Иҭахеит быжьҩык. 232-ҩык ижәны амашьына аԥсҟы шыркыз иаанкылан.
Майнинг  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2021
Аслан Бжьаниа Аԥсны акриптовалиута арҳара иаҿагылоу ауснагӡатәқәа дрылацәажәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0