Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы ҩыџьа апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит

© Sputnik / Кирилл Брага / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛечение больных с Covid-19 в больнице скорой помощи в Волгограде
Лечение больных с Covid-19 в больнице скорой помощи в Волгограде - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.11.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ачымазараҿкы зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара 33929-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәабзиара шьақәгылахьеит 27870-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 502-а.
АҞӘА, абҵара 20 - Sputnik. COVID-19 азы атестқәа арҭеит 335-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 110-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы лыԥсҭазаара далҵит 1939 шықәса рзы ииз аԥҳәыси 1938 шықәса рзы ииз ахаҵеи.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 60-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 26-ҩык, ибжьаратәуп - 34-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 41-ы, урҭ рахьтә 12-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 21-ы, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 23-ҩык, урҭ рахьтә ԥшьҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы жәаҩык ачымазцәа шьҭоуп. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 73-ҩык, 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0