Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Знапы ҟазоу ауаҩы: Хәаԥ инхо Роланд Занҭариа иаамҭеи иусқәеи

Анапаҵаҩра
Хәаԥтәи анхаҩы Роланд Занҭариа ԥсыршьагас, гәхаршҭгас имоуп алабашьақәеи аҳәызбақәеи рыҟаҵара.
Алабашьа ажәытәан даара аҵакы аман, зегьы иркуамызт. Изкуаз унеишь-уааишь ҳәа зырҳәоз, ҳаҭыр зқәыз ауаҩы иакәын. Алабашьақәа ирыман рхатәы хьыӡқәа: ашәарыцаҩ илабашьа, ахьча илабашьа, аибашьыга лабашьа, аџьабацәа иркуаз алабашьа, ҭауади-аамсҭеи рлабашьа уҳәа. "Алабашьақәа рҵакы еиԥшымызт. Ҭауадеи аамсҭеи рхаан доусы ихатәы лабашьа изалхын. Иаҳҳәап: аҭауад икуаз алабашьа ахы ҽакала иҟаҵан, анхаҩы илабашьа даҽа формак аман. Ауаҩы чарак ахь дцозма, еизарак ахь дцозма, аԥса зхаз алабашьа икыр, ҽырбагоуп ҳәа иԥхьаӡан. Аџьабараҟны игылоу ауаҩы илабашьа аҵа аԥса ахамзар акәын", - ҳәа иҳәоит Роланд Занҭариа. Алабашьа злихуа иреиуоуп: аџь ҵла, ашәҵла, ақәыц, абгыӡыр. Роланд иажәақәа рыла, зегьы реиҳа пату змоу абгыӡыр лабашьа ауп, избанзар еиҳа иӷәӷәоуп, анҵыра рацәа амоуп.
Иҟоуп еиуеиԥшым азгәаҭарақәа алабашьа иадҳәаланы, урҭ руак атәы ҳзеиҭеиҳәеит Роланд Занҭариа: "Ишаҳдыруа еиԥш , ажәытәан асас данааиуа "уаангылома?" ҳәа иазҵаауамызт. Асас уи аԥшәма еиликааарц азыҳәаны, илабашьа ихы иаирхәон. Илабашьа ахы аҩны ашә ахь ихазар, асас даангылон, адәахьыҟа ихазар, дцон", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Ашьха қыҭа Хәаԥ инхо Роланд Занҭариа занааҭла дфизик - математикуп, аха иабдуцәа ирҿиҵааз ауаҭка аршра шьахәла ицааиуеит.

Ашьха қыҭа Хәаԥ инхо Роланд Занҭариа занааҭла дфизик - математикуп, аха иабдуцәа ирҿиҵааз ауаҭка аршра шьахәла ицааиуеит. - Sputnik Аҧсны
1/15

Ашьха қыҭа Хәаԥ инхо Роланд Занҭариа занааҭла дфизик - математикуп, аха иабдуцәа ирҿиҵааз ауаҭка аршра шьахәла ицааиуеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ауаҭка аршра ианаамҭоу 200 литра рҟынӡа иаҵихуеит. Ажьаӷь еиԥш аҵәагьы иалихуеит.

Ауаҭка аршра ианаамҭоу 200 литра рҟынӡа иаҵихуеит. Ажьаӷь еиԥш аҵәагьы иалихуеит. - Sputnik Аҧсны
2/15

Ауаҭка аршра ианаамҭоу 200 литра рҟынӡа иаҵихуеит. Ажьаӷь еиԥш аҵәагьы иалихуеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Иахьа ақыҭаҿ инхо шамахамзар зегь ирымоуп ауаҭка аршыга амаругақәа зегьы. Ақәаб иҭоу ажьаӷь ма ацәа аншлак, уи иахылҵуа ахылаԥсылҩа ҷыдала иҟаҵоу амыруга иҭысны ахәхәаҳәа ауаҭка ааиуеит.

Иахьа ақыҭаҿ инхо шамахамзар зегь ирымоуп ауаҭка аршыга амаругақәа зегьы. Ақәаб иҭоу ажьаӷь ма ацәа аншлак, уи иахылҵуа ахылаԥсылҩа ҷыдала иҟаҵоу амыруга иҭысны ахәхәаҳәа ауаҭка ааиуеит. - Sputnik Аҧсны
3/15

Иахьа ақыҭаҿ инхо шамахамзар зегь ирымоуп ауаҭка аршыга амаругақәа зегьы. Ақәаб иҭоу ажьаӷь ма ацәа аншлак, уи иахылҵуа ахылаԥсылҩа ҷыдала иҟаҵоу амыруга иҭысны ахәхәаҳәа ауаҭка ааиуеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ҽнак иалагӡаны Роланд 10 литрак ауаҭка аҵихуеит.

Ҽнак иалагӡаны Роланд 10 литрак ауаҭка аҵихуеит. - Sputnik Аҧсны
4/15

Ҽнак иалагӡаны Роланд 10 литрак ауаҭка аҵихуеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ауаҭка аҵәахразыҳәан абалонқәа инарҭеиҭәуа арацәа ахаԥсаны ираӡуеит. Избанзар иаҳа ицқьахоит ҳәа иԥхьаӡоуп.

Ауаҭка аҵәахразыҳәан абалонқәа инарҭеиҭәуа арацәа ахаԥсаны ираӡуеит. Избанзар иаҳа ицқьахоит ҳәа иԥхьаӡоуп.  - Sputnik Аҧсны
5/15

Ауаҭка аҵәахразыҳәан абалонқәа инарҭеиҭәуа арацәа ахаԥсаны ираӡуеит. Избанзар иаҳа ицқьахоит ҳәа иԥхьаӡоуп.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Роланд ихаҭа ауаҭка ижәӡом, аҩеиқәаҵәа ԥхеи-ԥхеиуа еиӷьаишьоит.

Роланд ихаҭа ауаҭка ижәӡом, аҩеиқәаҵәа ԥхеи-ԥхеиуа еиӷьаишьоит. - Sputnik Аҧсны
6/15

Роланд ихаҭа ауаҭка ижәӡом, аҩеиқәаҵәа ԥхеи-ԥхеиуа еиӷьаишьоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Роланд ауаҭка ахьиршуа аԥацхаҿ, еснагь ҭаҵәахла деиқәшәоуп. Араҟа иҟоуп ахыжәлақәа, ашәыр ахәырмарҩа зҳәаз еиԥш.

Роланд ауаҭка ахьиршуа аԥацхаҿ, еснагь ҭаҵәахла деиқәшәоуп. Араҟа иҟоуп ахыжәлақәа, ашәыр ахәырмарҩа зҳәаз еиԥш. - Sputnik Аҧсны
7/15

Роланд ауаҭка ахьиршуа аԥацхаҿ, еснагь ҭаҵәахла деиқәшәоуп. Араҟа иҟоуп ахыжәлақәа, ашәыр ахәырмарҩа зҳәаз еиԥш.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Знапы ҟазоу ауаҩы, ус баша дызтәаӡом. Убыс Роландгьы иахьа хәлаанӡа аус рацәа инапы алакуп. Иҟаиҵоит аҳәызбақәа, аҳәызба ахәы акакани акамбашь атәыҩеи ирылихуеит.

Знапы ҟазоу ауаҩы, ус баша дызтәаӡом. Убыс Роландгьы иахьа хәлаанӡа аус рацәа инапы алакуп. Иҟаиҵоит аҳәызбақәа, аҳәызба ахәы акакани акамбашь атәыҩеи ирылихуеит. - Sputnik Аҧсны
8/15

Знапы ҟазоу ауаҩы, ус баша дызтәаӡом. Убыс Роландгьы иахьа хәлаанӡа аус рацәа инапы алакуп. Иҟаиҵоит аҳәызбақәа, аҳәызба ахәы акакани акамбашь атәыҩеи ирылихуеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Шықәсқәак раԥхьа инапы алеикит алабашьақәа рыҟаҵара, иагьиқәманшәалахеит.

Шықәсқәак раԥхьа инапы алеикит алабашьақәа рыҟаҵара, иагьиқәманшәалахеит. - Sputnik Аҧсны
9/15

Шықәсқәак раԥхьа инапы алеикит алабашьақәа рыҟаҵара, иагьиқәманшәалахеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Алабашьақәа зегьы дара-дара еиԥшӡам. Иҟоуп ашәарыцаҩ илабашьа, ахьча илабашьа, анхаҩы илабашьа, иара убас "аамсҭацәа" рлабашьа.

Алабашьақәа зегьы дара-дара еиԥшӡам. Иҟоуп ашәарыцаҩ илабашьа, ахьча илабашьа, анхаҩы илабашьа, иара убас "аамсҭацәа" рлабашьа. - Sputnik Аҧсны
10/15

Алабашьақәа зегьы дара-дара еиԥшӡам. Иҟоуп ашәарыцаҩ илабашьа, ахьча илабашьа, анхаҩы илабашьа, иара убас "аамсҭацәа" рлабашьа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Алабашьақәа еиҳарак излихуа абгыӡыр, ашәҵла, алакациа, иара убас акакан апикан ҳәа изышьҭоу роуп.

Алабашьақәа еиҳарак излихуа абгыӡыр, ашәҵла, алакациа, иара убас акакан апикан ҳәа изышьҭоу роуп. - Sputnik Аҧсны
11/15

Алабашьақәа еиҳарак излихуа абгыӡыр, ашәҵла, алакациа, иара убас акакан апикан ҳәа изышьҭоу роуп.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Роланд иҟаиҵо алабашьақәа рхықәцәқәа рыла ауҩы еилиргоит изызку, изкуа дазусҭоу.

Роланд иҟаиҵо алабашьақәа рхықәцәқәа рыла ауҩы еилиргоит изызку, изкуа дазусҭоу. - Sputnik Аҧсны
12/15

Роланд иҟаиҵо алабашьақәа рхықәцәқәа рыла ауҩы еилиргоит изызку, изкуа дазусҭоу.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ари алабашьа аныркуа аӡынра ауп, ақьышә аныҟәаҩ имҩа асы аланигоит.

Ари алабашьа аныркуа аӡынра ауп, ақьышә аныҟәаҩ имҩа асы аланигоит. - Sputnik Аҧсны
13/15

Ари алабашьа аныркуа аӡынра ауп, ақьышә аныҟәаҩ имҩа асы аланигоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Роланд Занҭариа раԥхьаӡа акәны раԥхьатәи алабашьа ҟаиҵеит ҩышықәса раԥхьа.

Роланд Занҭариа раԥхьаӡа акәны раԥхьатәи алабашьа ҟаиҵеит ҩышықәса раԥхьа. - Sputnik Аҧсны
14/15

Роланд Занҭариа раԥхьаӡа акәны раԥхьатәи алабашьа ҟаиҵеит ҩышықәса раԥхьа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Иахьа иара иҟаиҵахьоу алабашьақәа рхыԥхьаӡара жәаба иреиҳауп.

Иахьа иара иҟаиҵахьоу алабашьақәа рхыԥхьаӡара жәаба иреиҳауп. - Sputnik Аҧсны
15/15

Иахьа иара иҟаиҵахьоу алабашьақәа рхыԥхьаӡара жәаба иреиҳауп.

Ажәабжьқәа зегьы
0