Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Зырҿиамҭақәа аԥсуа литература иагәыласоу: Нели Ҭарԥҳа диижьҭеи 87 шықәса ҵит

© Foto / из архива семьи Нели ТарбаНели Тарба
Нели Тарба - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.11.2021
Анапаҵаҩра
Аҧсны жәлар рышәҟәыҩҩы, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Нели Золоҭинск-иԥҳа Ҭарба лыԥсы ҭазҭгьы иахьа 87 шықәса лхыҵуазаарын. Аԥсуа литература иазынлыжьыз лажәеи лҭынхеи Sputnik аматериал аҟны.
Наала Гәымԥҳа, Sputnik
Заԥхьаҟа ишәҟәыҩҩхараны иҟаз, Нели Ҭарԥҳа илызҳаит лқыҭа гәакьа Дәрыԥшь. 1954 шықәсазы лқыҭантәи абжьаратә школ хьтәы медалла далганы дҭалоит Аҟәатәи арҵаҩратә институт, афилологиатә факультет.
"Нели Ҭарԥҳа раԥхьаӡатәи аԥсуа поетессак лаҳасабала ҳлитературахь лцәырҵра даараӡа аҵак ду амоуп. Апоетесса лымҽхак ҭбаауп, абаҩхатәра ду злаз шәҟәыҩҩуп. Лырҿиамҭақәа аԥсуа литература иагәыласоуп. Ҿыц аҩра иалаго рзы иҿырԥшыгоуп. Нели Ҭарԥҳа аҿар дырзааигәан дырхылаԥшуан. Еиҳарак Гәында Сақаниаԥҳаи сареи даҳзааигәан, исҳәарц сылшоит лара даҳҩызан ҳәа. Лыҩны имнеицыз шәҟәыҩҩык дыҟамзар ҟалап, ауаа дырзааигәан, лыҿцәажәара акраҵанакуан", - ҳәа лҳәоит ашәҟәыҩҩы Гәында Кәыҵниаԥҳа.
Нели Тарба - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2021
Раԥхьаӡатәи аԥсуа поетесса: Нели Ҭарԥҳа лгәалашәара иазкны
1955 шықәса рзы иҭыҵит Нели Ҭарԥҳа раԥхьатәи лышәҟәы "Бзиа избоит амҩа", аамҭак ашьҭахь уи иашьҭанеиуеит ашәҟәқәа "Ааԥынра агәы", "Ақәыԥшреи агәҭыхеи", "Аԥа", "Бзыԥтәи аповест" уҳәа убас ирацәаны. Дышқәыԥшӡаз ауп ажәеинраалақәа рыҩра дшалагаз.
Лырҿиамҭақәа рыҟны лыԥсадгьыли лыжәлари реизҳара дазышәаҳәон. Урҭ ажәеинраалақәа инарываргыланы, 20 шықәса аџьабаа адылбалеит "Уара уҵеицәа, Дәрыԥшь" захьӡыз ашәҟәы. Уаҟа лара еизылгеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟынтә изыхнымҳәыз дәрыԥшьаа рфырхацәа зегьы рҭоурых.
Нели Ҭарԥҳа редакторк лаҳасабала аус рацәаны илухьан, аԥсуа литература иреиӷьӡоу аҩымҭақәа рыбжеиҳарак лара редакторс дрыман. Лџьабаа рацәоуп мшыннырцә инхоз апоет ԥсышәала иҩуаз Омар Беигәаа иҭынха ҳаԥсуа доуҳатә культура азныжьраҿы. Ашәҟәыҩҩы еснагь лхы-лгәы иалан, хьаас илыман амҳаџьырра иагаз ҳашьцәа рлахьынҵа.
© Foto / из архива семьи Нели ТарбаНели Тарба
Нели Тарба - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.11.2021
Нели Тарба
"Лырҿиара адагьы лара ауаажәларратә усзуҩын, лажәа иазыӡырҩуан, даара хара ихәыцуаз, иҟәышыз уаҩын. Лыԥсадгьыл ахьааи, мшыннырцә иҟоу ҳџьынџьуаа рлыхьынҵеи еснагь лгәы иҵхон, ҳдиаспора ҷыдала дазҿлымҳан. Нели апроза адагьы, ахәыҷтәы литература лнапы алакын. Уи анаҩсгьы деиҭагаҩ бзиаӡан. Еиҭалгаз аҩымҭа "Апринц хәыҷ" иахьа уажәраанӡа, ахәыҷ иакәым, аду игәаҵанӡа инеиртә еиԥш ацәа ахаҵаны аиҭагара лылшеит. Ҳлитератураҟны иаанлыжьыз лырҿиара абеиара макьаана инагӡацәҟьаны, еилкааны, ахәшьара аҭаӡам", - ҳәа дазааҭгылоит Кәыҵниаԥҳа.
Нели лхатә ԥсҭазаараҿы насыԥ змаз ԥхәысын. Уи лыԥшәма аԥсуа поет Кәымф Ламиеи лареи ирааӡеит х-ҩык аԥҳацәеи аԥеи. Аԥсуа интеллигенциа рыбжьара Кәымфи Нели, зегь реиҳа иԥшӡаз, еицырдыруаз ҭаацәаран.
Нели Ҭарԥҳа 20 шықәса инареиҳаны аус луан ажурнал "Алашара" аредакциаҿы. 1988 шықәсазы лара иаԥылҵеит Ахәыҷтәы фонд.
© Foto / из архива семьи Нели ТарбаНели Тарба
Нели Тарба - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.11.2021
Нели Тарба
Аҧсуа поет, апрозаик, ауаажәларратә усзуҩы, Аҧсны жәлар рышәҟәыҩҩы, Аҧсни Қырҭтәылеи рҟны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Аҧсни Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла Нели Золоҭинск-иԥҳа Ҭарба, аԥсуа литература иазынлыжьит хәызмаӡам арҿиамҭақәа.
Нели Ҭарԥҳа лыԥсҭазаара далҵит 79 шықәса шылхыҵуаз 2014 шықәсазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0