Ацентр "Брузги" аҟынтәи шәҩык рҟынӡа ахҵәацәа ахәшәтәырҭахь инагоуп

© Sputnik / Viktor Tolochko / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБеженцы с Ближнего Востока несут деревянные поддоны для изготовления из них кроватей в центре временного содержания мигрантов
Беженцы с Ближнего Востока несут деревянные поддоны для изготовления из них кроватей в центре временного содержания мигрантов - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.11.2021
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 22 – Sputnik. Польшеи Белоруссиеи рҳәааҿы иҟоу алогистикатә центр "Брузги" аҟынтәи шәҩык рҟынӡа ахҵәацәа ахәшәтәырҭахь инагоуп акоронавирус рыманы ҳәа аалыцҳауеит Гроднентәи атәылаҿацәтәи анагӡком агәабзиарахьчара аусбарҭа ахада Лиудмила Кеда. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Амҽышаҽны алагер ахь инеит Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара ахаҭарнакцәа.

"Ачымазцәа Гродноҟа инаагоит – амедицинатә цхыраара ласы ахәшәтәырҭахьи ауниверситеттә клиникахьи. Ахәыҷқәа ахәыҷтәы клиникатә хәшәтәырҭахь инаагоит, зцәа зтәым –аперинаталтә центр ахь. Иахьазы ахәшәтәырҭа иҭоуп 100-ҩык инареиҳаны", – ҳәа Кеда ААЕ аделегациа ирзеиҭалҳәеит.

Кеда иалылкааит ахҵәацәа ахәшәтәырҭақәа рахь изнарго: агәаҵәкра, арԥҳачымазара, арҳәарах чымазара, аҳәааҿы ироуз еиуеиԥшым аахақәа.
"Реиҳараҩык ахәшәтәырҭа иҭашәеит ахьҭа анрылала ашьҭахь. Дыҟоуп аӡәы акоронавирус иахҟьаны арԥҳачымазара зызцәырҵыз", – лҳәеит аҳақьым.
Лагерь беженцев на белорусско-польской границе возле деревни Уснар-Дольное - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.11.2021
Белоруссиеи Польшеи рҳәааҿы амигрантцәа еиҿыркааз алагер аанрыжьуеит
Ажәабжьқәа зегьы
0