Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Цыгәба Жәлар реизарахь раԥхьатәи алхрақәа ирызкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Цыгәба Жәлар реизарахь раԥхьатәи алхрақәа ирызкны
Анапаҵаҩра
25 шықәса раԥхьа ари амш аҽны Аԥсны имҩаԥысит Жәлар реизарахь раԥхьатәи алхрақәа. Урҭ шымҩаԥысуази, аҽазыҟаҵара иацыз акәамаҵамарақәеи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит усҟан Алхратә комиссиа хада хантәаҩра азызуаз Виачеслав Цыгәба.
Абҵарамза 23, 1996 шықәса аҭоурых ианылеит зхы иақәиҭу аҳәынҭқарраҟны Апарламент астатус ҿыц аманы ахы аныҵнахыз амш ҳәа.
"25 шықәса маҷӡам, иаҳхашҭхьоу рацәазар ҟалап, аха ихадароу азҵаарақәа ибзиан исгәалашәоит, избанзар, ари раԥхьатәи алхрақәа роуп. Алхратә процесс уи аԥхьа иҟаз алхрақәа раан даҽакала имҩасуан. Аконституциагьы ҳадаҳкылеит. Апрезидент иалхра ашьҭахь ари раԥхьатәи Жәлар реизарахь алхроуп. Актәи ааԥхьарахь, ахьтәы Парламент ҳәа изышьҭоу, алхрақәа даҽакала имҩасуан. Усҟан аԥсуааи ақырҭцәеи ҳәа ишаны иҟан. Уажәы азакәан иаҳа адемократиатә нормақәа ирықәшәо иҟаҵоуп. Апарламент актәи аапҳьаразы иалхыз, азин рыман аус ахьыруаз ируртә, ауалафахәы роуӡомызт. Аҿыцтәи алхрақәа раан ипрофессианалтәу парламентхеит. Анаука иаҿу рыда, ҽаӡәы ауалафахәы ахьиоуа ада аусура азин имаӡамызт. Убри аҟнытә иааиуазгьы маҷын. Усҟан аполитикатә мзызықәагьы ыҟан, аҭагылазаашьагьы аҽаԥсахит, усҟан апарламент ахь ауаа ралхра уадаҩхеит, уажәы ҭыԥк аҿы 5-10 ықәгылоит ", - ҳәа еиҭеиҳәеит Цыгәба.
Ажәабжьқәа зегьы
0