Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гагра амилициаа рықәлара аганахь ала ашьаус хацыркуп

© Sputnik Заседание суда по делу убийства российского туриста Андрея Кабанова
Заседание суда по делу убийства российского туриста Андрея Кабанова - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.11.2021
Анапаҵаҩра
Аҩаша абҵара 16 рзы Гагра Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәеи Бзыԥҭа аҳабла иатәу ҩыџьа арԥарцәеи рыбжьара аиҿахысра ҟалеит. Ашьаусԥшаара адыррақәа рыла, урҭ арԥарцәа гагратәи амилициа аусзуҩ иқәларц ргәы иҭан. Ахҭыс аан ақәылара ҟазҵоз руаӡәк дҭахеит, егьи дырхәит.
АҞӘА, абҵара 23 - Sputnik. Гагра араион апрокуратура Омар Хагәышь иганахь ала ашьаус хацдыркит, гагратәи амилициа аусзуҩ иқәларазы, закәаншьаҭада абџьар аахәара, аҵәахра, аныҟәгаразы. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.
Машина УВД Гагрского района  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.11.2021
Аԥсны
Гагра амилициаа ианрықәлаз ахҭыс шыҟалаз атәы ркьыԥхьит
Аусҭҵаара адыррақәа рыла Амир Кьетиа абҵара 14 аахыс Омар Хагәышь диҿцәажәаны дыҟан, Гагра араион ААР аусзуҩцәа Шванба Р.В., Ҷыҭанаа А.Л. рышьразы.
Ауаҩшьра рыгәҭакын рҩыза Анри Аҭеиба ишьа руырц. Аҭеиба 2021 шықәса нанҳәамзазы даанкылан, аамҭалатәи аанкыларҭаҿы аҽшьра иҽазишәеит, анаҩс ихдыррахь дмааикәа ахәшәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит.
Генеральная прокуратура Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.09.2021
Апрокуратура хада Анри Атеиба иԥсра аҵыхәала аусҭҵаара иаҿуп
Абҵара 16 асааҭ 06:40 азы Кьетиеи Хагәышьи Бзыԥҭантә Гаграҟа инеит Ҷыҭанаа А.Л. ишьразы.
Кьетиеи Хагәышьи аҿагылара аадырԥшит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аоперативтә усзуҩцәа ианааныркылоз. Урҭ раанкылара мҩаԥыргон ацәгьоуцәа абҵара 16 2021 шықәса ашьыжь асааҭ 07:31 рзы Гагра амҩақәа Демерџьиԥеи Аҟабардақәеи реихысырҭаҿы Гагра араион Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аоперативтә усзуҩ иахьиқәлаз азы.
Хагәышь О.Р., иашьҭахьҟа днаскьаны, амилициа аусзуҩцәа ирықәкны дхысит, Кьетиа А.Ф., артҟәацга ԥижәоит ҳәа амилициаа иршәоит ҳәа хыхьтәи имаҭәа аџьыбаҟынтәи иҭиго далагеит, уи илдмыршарц азы амилициаа рыԥсҭазаара ашәарҭара иахьҭагылаз иахҟьаны аҭакс ацәгьоуцәа иреихсит, Кьетиа А.Ф. изихымгоз ахәрақәа иоуит, Хагәышь О.Р. иарӷьа жәҩахыр иақәшәеит.
Хагәышь ахәра иманы ахәшәтәырҭахь днаргеит, ахьчаҩцәа иддыргылеит.
Аусҭҵаара иацырҵоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0