Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭа агәы ӡыда иаанхеит Ааԥсҭа аӡиас аҿы аӡымҩангага ахьԥжәаз иахҟьаны

CC0 / / Водопроводный кран
Водопроводный кран  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.11.2021
Анапаҵаҩра
Аӡхыҵра иахҟьаны абҵара 22 азы Ааԥсҭа аӡиас аҿы аӡымҩангагатә цәаҳәа ааха аиуит.
АҞӘА, абҵара 23- Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Гәдоуҭа агәы ӡыда иаанхеит Ааԥсҭа аӡиас аҿы аӡымҩангага ахьыԥхасҭахаз иахҟьаны, абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Гәдоуҭатәи аӡыканал аиҳабы Оҭар Леиба.
"Аӡымҩангага Ааԥсҭа аӡыршьҭра еихнаҵәоит. Иара апластик иалхыуп, убри аҟнытә аӡы аӷьыра иԥнажәеит", - иҳәеит Леиба.
Аҭыԥантәи аӡыканал иҟалаз амашәыр аԥыхразы аусурақәа ирҿуп. Аӡымҩангага ҿыц аахәоуп. Аха иара ашьҭаҵаразы аӡыршьҭра ԥсахтәуп. Амшқәа иалдыршар мчыбжьык аҩнуҵҟа аусурақәа ирылгоит.
Уажәазы Гәдоуҭа агәаҿы аамҭалатәи асхемала аӡы рырҭоит ауааԥсыра. Аӡыканал аиҳабы ишиҳәо ала аҩнеихагылақәа рҿы аҩадатәи аихагылақәа рахь аӡы зхалаӡом.
Ажәабжьқәа зегьы
0