Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа араион ахада иусуразы Аслан Бжьаниа иҿаԥхьа аҳасабырба ҟаиҵеит

© SputnikРабочая поездка Президента Абхазии
Рабочая поездка Президента Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.11.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәа араион абиуџьет ахь алагалақәа рыплан ф-миллионк ацлеит.
АҞӘА, абҵара 25– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ашықәс иалагазар аҭыԥантәи абиуџьет иаланагалеит 140 миллион мааҭ. Ари аплан аасҭа 6 миллионк иреиҳауп ҳәа иҳәеит аилацәажәараҿы араион ахада Алхас Ҷыҭанаа.
Иара иажәақәа рыла, араион аҿы инхоит 12 нызқьҩык, 40 процент рҟынӡа аус руеит, бжьаратәла ауалафахәы 15-16 нызқь мааҭ ыҟоуп. Аҵара аусхк иазоужьуп 37 миллион мааҭ.
Заседание  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.11.2021
Аԥсны
Аҟәа араион ақыҭанхамҩа аҿиаразы апроектқәа жәба алнахит
1900 гектар адгьыл аҵанакуеит араион, аха аиҳара аус адырулом. Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи ақыҭанхамҩа иазоужьуп 5,8 миллион мааҭ, аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтәи – 4 миллионк.
2021 шықәсазы афымцамч ахархәара 57,9 миллион киловатт-сааҭ итәеит. Убри аан ашәаразы ауал 13,8 миллион артәоит. Аизгара апроцент - 38,9%.
Даур Читанава  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.07.2021
Арадио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҷыҭанаа Аҟәа араион афымцалашаразы иақәу ауал иазкны
Алхас Ҷыҭанаа иҳәеит араион аҿы акоронавирус рыдбалоуп 2736–ҩык, иахьазы ичмазцәоуп 136-ҩык ҳәа. Алаҵа ҟарҵахьеит 183-ҩык.
Араион ахада иазгәеиҭеит ацәгьоурақәа еиҳа имаҷхеит ҳәа. 2020 шықәса абри аамҭазы 53 цәгьоура ашәҟәы иҭагалазар, 2021 шықәсазы – 39 роуп иҭагалоу. Ацәгьоура хьанҭақәа 2020 шықәсазы 23 азгәаҭан, 2021 шықәсазы - 11. Ашәҟәы иарбан 2586 амҩатә ԥҟара аилагара, ихацыркын анаркотикқәа реикәыршаразы 13 ус.
Ажәабжьқәа зегьы
0