https://sputnik-abkhazia.info/20211125/akhada-asny-akonstitutsiat-bara-abatsa-idikyleit-1036475386.html
Ахада Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа идикылеит
Ахада Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа идикылеит
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа рыдкылан 1994 шықәса абҵара 26 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак аҿы. Аконституциа жәлары зегьы имҩаԥыргаз ареферендум аҿы иақәшаҳаҭны... 25.11.2021, Sputnik Аҧсны
2021-11-25T13:00+0300
2021-11-25T13:00+0300
2021-11-25T13:00+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0b/19/1036473490_0:257:2731:1793_1920x0_80_0_0_6de919cbeb51e2eda79f5bf0f70fe880.jpg
АҞӘА, абҵара 25 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа Аконституциа Амш – абҵара 26 аламҭалаз дрыдныҳәалеит.Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа рыдкылан 1994 шықәса абҵара 26 азы Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак аҿы. Аконституциа жәлары зегьы имҩаԥыргаз ареферендум аҿы иақәшаҳаҭны ирыдыркылеит 1999 шықәса жьҭаара 3 рзы.Аԥсны Аконституциа иуадаҩыз аамҭақәа рзы ирыдыркылон, атәыла ашьаарҵәыра иаалҵны аҭынчрамҩа иананылоз. Адемократиатә тәыла ҿыц азы ихымԥадатәин аҳәынҭқарра шьаҭас иазыҟалаша адокумент.Аконституциа изныкымкәа аԥсахрақәа аларгалахьеит. Убас, 1999 шықәсазы иалагалаз аԥсахрала аӡбаҩцәа хәышықәса ҳәа ҿҳәарас иаҭаны ралхра иалагеит.2014 шықәсазы иаԥҵан Аконституциатә ӡбарҭа. Иара убасгьы ишьақәырӷәӷәан аԥҟара, уи инақәыршәаны Аконституциа алагалара ҟалом ауаҩытәыҩса изинқәеи ихақәиҭрақәеи ԥызкуа ариашарақәа, Аԥсны аҵакыратә акзаара еилазго ма ахьыԥшымра аԥызхуа аиҭакрақәа, аҳәынҭқарратә бызшәа астатуси ажәлар рымчра апринципи ирзырхоу аиҭакрақәа.2016 шықәса жәабранмзазы амчра аиуит аԥҳәыс лҽырбгара азин ҟазымҵо азакәан апроект, Аконституциа аиҭакрақәа алазгалаз. Ԥхынҷкәын 18 2015 шықәсазы иара рыдкылан аҵыхәтәантәи аԥхьарала Апарламент аҿы.Жьҭаара 10 2020 шықәсазы Аслан Бжьаниа иқәҵарала иаԥҵан Аконституциатә реформаз акомиссиа. Акомиссиа анапхгаҩыс далхын Наҭелла Акаԥҳа – Аԥсны Аҳәса рссоциациа анапхгара ахантәаҩы.
https://sputnik-abkhazia.info/20201126/Asny-aynarra-ashayrarazy-azakan-khada-Akonstitutsia-adkylara-1031352657.html
https://sputnik-abkhazia.info/20201126/Gabnia-Asny-Akonstitutsia-azy-asakhraa-alagalymka-amlatst-1031352963.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0b/19/1036473490_0:0:2731:2048_1920x0_80_0_0_e6d1a7fd3ee397e6c3ac0c5f5b599827.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Ахада Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа идикылеит
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа рыдкылан 1994 шықәса абҵара 26 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак аҿы. Аконституциа жәлары зегьы имҩаԥыргаз ареферендум аҿы иақәшаҳаҭны ирыдыркылеит 1999 шықәса жьҭаара 3 рзы.
АҞӘА, абҵара 25 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа Аконституциа Амш – абҵара 26 аламҭалаз дрыдныҳәалеит.
"Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, ишәыдысныҳәалоит уаҵәы иазгәаҳҭо Аконституциа Амш. Ҳара ҳхатәы Конституциа ҳамоуп ҳажәлар аиашара разықәԥара иалҵшәаны. Атәыла адокумент хада хьчалатәуп. Иаҳхықәкы хаданы иҟазароуп аԥсуа ҳәынҭқарра арӷәӷәара", - ҳәа иҳәеит атәыла ахада.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа рыдкылан 1994 шықәса абҵара 26 азы Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак аҿы. Аконституциа жәлары зегьы имҩаԥыргаз ареферендум аҿы иақәшаҳаҭны ирыдыркылеит 1999 шықәса жьҭаара 3 рзы.
Аԥсны Аконституциа иуадаҩыз аамҭақәа рзы ирыдыркылон, атәыла ашьаарҵәыра иаалҵны аҭынчрамҩа иананылоз. Адемократиатә тәыла ҿыц азы ихымԥадатәин аҳәынҭқарра шьаҭас иазыҟалаша адокумент.
Аконституциа изныкымкәа аԥсахрақәа аларгалахьеит. Убас, 1999 шықәсазы иалагалаз аԥсахрала аӡбаҩцәа хәышықәса ҳәа ҿҳәарас иаҭаны ралхра иалагеит.
2014 шықәсазы иаԥҵан Аконституциатә ӡбарҭа. Иара убасгьы ишьақәырӷәӷәан аԥҟара, уи инақәыршәаны Аконституциа алагалара ҟалом ауаҩытәыҩса изинқәеи ихақәиҭрақәеи ԥызкуа ариашарақәа, Аԥсны аҵакыратә акзаара еилазго ма ахьыԥшымра аԥызхуа аиҭакрақәа, аҳәынҭқарратә бызшәа астатуси ажәлар рымчра апринципи ирзырхоу аиҭакрақәа.
2016 шықәса жәабранмзазы амчра аиуит аԥҳәыс лҽырбгара азин ҟазымҵо азакәан апроект, Аконституциа аиҭакрақәа алазгалаз. Ԥхынҷкәын 18 2015 шықәсазы иара рыдкылан аҵыхәтәантәи аԥхьарала Апарламент аҿы.
Жьҭаара 10 2020 шықәсазы Аслан Бжьаниа иқәҵарала иаԥҵан Аконституциатә реформаз акомиссиа. Акомиссиа анапхгаҩыс далхын Наҭелла Акаԥҳа – Аԥсны Аҳәса рссоциациа анапхгара ахантәаҩы.