Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Габалиа иԥсабаратәым аинтеллект ԥсышәала абжьы ахаҵара иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Габалиа иԥсабаратәым аинтеллект ԥсышәала абжьы ахаҵара
Анапаҵаҩра
Иԥсабаратәым аинтеллект ԥсышәала абжьы ахаҵара иаанагои, насгьы ҵакыс иамоу атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Баграт Шьынқәба ихьӡ зху агәыҳалалратә фонд аспециалист Дырмит Габалиа.
"Иԥсабаратәым аинтеллекти аԥсшәеи еидҳәалаӡам, аха урҭ еидҳәаланы иҟазҭгьы, акырӡа абызшәа арҿиара иахәон. Иахьа уажәраанӡа абызшәа ақьаад аҿы иҳамоуп, аха аамҭа ацифра иатәуп. Аҭел инаркны еиуеиԥшым амаругақәа зегьы цәажәоит тәым бызшәала, уаҟа џьаргьы иҟаӡам аԥсшәа. Иҟалартә еиԥш алшара ыҟоуп. Иаҳҭахуп аинтернет хархәагақәа рҿы аԥсуа бызшәа ахатә ҭыԥ ааннакыларц. Ари азҵаараҿы иаахтны иаҳзымҳәогьы ыҟоуп, адәныҟатәи ԥырхагақәа ҳмоурцаз. Иахьа ҳазлацәажәо азҵаарақәа рыӡбаразы адунеи аҿы иҟоу х-корпорациа дуқәак рыбжьара аиҿцәажәарақәа ыҟан. Аус гәыцәс иамоу - аиҿцәажәарақәа мҩаԥызгаз Нарҭ Ҭлыша иоуп. Алшара ҳарҭеит абызшәақәа рбанк аҿы аԥсуа бызшәа аҵәахра", - ҳәа еиҭеиҳәеит Габалиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0