Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьергьениа Риҵа аԥсыӡкразы аԥҟара иазкны: излауала амлагәыр ҳахьчоит

Џьергениа Риҵа аԥсыӡкразы аԥҟара иазкны: излауала амлагәыр ҳахьчоит
Анапаҵаҩра
Риҵатәи Амилаҭтә ҳәырԥсарра абнахылаԥшҩы хада Ҭенгьиз Џьергьениа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҳәырԥсарраҟны аԥсыӡкра аӡәгьы данақәиҭым аамҭазы аԥҟарақәа еилазго рацәаҩума, рганахьала хьырхәрас иҟоу атәы.
Риҵатәи Амилаҭтә реликттә парк аҟны аԥсыӡкра абзиабаҩцәа абҵара 20 инаркны ԥхынҷкәын 31-нӡа аԥсыӡкра иақәиҭым. Иарбан ԥсыӡхкқәоу Амилаҭтә ҳәырԥсарра аӡқәа ирҭоу, ари аԥҟара есышықәса зынагӡара ахәҭоу ҳәа ишьақәыргылоума? Арҭқәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Риҵатәи Амилаҭтә ҳәырԥсарра абнахылаԥшҩы хада Ҭенгьиз Џьергьениа.
"Амлагәыр атоԥраан (акәырҭ анканаԥсо), ҳӡиасқәа рҿы иахьымнеиуа ыҟам, аха зегьынџьара иаҳзыхьчом. Риҵа иҟоу Амилаҭтә парк аусзуҩцәа абас аԥҟара ҳамоуп, абҵара акы инаркны ԥхынҷкәын 10 рҟынӡа иаркны иҳаман, аԥсыӡкра ҟалом. Абри аамҭазы аԥсыӡ ҭалон, аха уажәы хәыҷык аԥсабарагьы аҽаԥсахит, аԥхарра ахьынӡаҟаз иҭамлазеит. Ҳара агәаҭарақәа мҩаԥаагоит, аԥсыӡ иахылаԥшуа дыҟоуп араҟа. Уажәшьҭа ҩба-хԥа ҭыԥ рҟны иаҳбоит, ҳагәгьы ҭынчхеит, ахьшәашәарақәа анааи, аԥсыӡгьы ҭалеит. Сынтәа хәыҷык амшқәа ахаҳгеит аԥсыӡ ахьчаразы абҵара 20 инаркны ашықәс ҿыц аҟынӡа акра ҟалом, аԥхьа инаргыланы амлагәыр. Ҳара есышықәса ауаа ҳрацәажәоит, аҳәара ҟаҳҵоит, аԥсыӡкра иҭало шьҭа ирдыруеит, иацныҟәоит аԥҟара "иҟалома ҳҭалар аԥсыӡкра, ма иҟамло?" ҳәа иахьҳазҵаауа ҳаигәырӷьоит. Излауала аԥсыӡ ҳахьчап ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Џьергениа.
Аицәажәара иаҳа инарҭабааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0