Адунеи атәылақәа еиҳа иӷару амлакрахь иназгар зылшо амзыз атәы ҳәоуп

© Sputnik / Валерий Мельников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДеньги в пластиковом стакане в руке бедняка.
Деньги в пластиковом стакане в руке бедняка. - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.11.2021
Анапаҵаҩра
Аԥхьа иргыланы амлакра иаҵанакыр ҟалоит иӷару атәылақәа, аха атәыла беиақәа рыҿгьы афатә-ажәтә азымхара ҟалар ауеит.
АҞӘА, абҵара 29 - Sputnik. Арҵәыгақәа разымхара афатә-ажәтә адефицит арҿиоит, уи инадҳәаланы атәыла ӷарқәа рҿы амлакра ҟалоит ҳәа "Би-би-си" иазеиҭеиҳәеит арҵәыга ааглыхратә еилахәыра Yara International адиректор Свеин Торе Холсетер.
Холсетер ишиҳәаз ала иахьазы арҵәыгақәа рџьармыкьаҿы адефицит ыҟоуп. Уи зыхҟьаз агаз ахә ахьышьҭыҵыз ауп. Агаз рхы иадырхәоит аммиак ааглыхраҿы. Уи адагьы дара арҵәыгақәагьы рыхәԥса шьҭыҵит. Аилахәырақәа жәпакы, Yara International назлоу, иҭрыжьуа аалыҵ дырмаҷит.
Арҵәыгақәа заҟа имаҷхо аҟара еиҵахоит афермерцәа раарыхрақәа.
Убри аан аиҳарак ааха зауа атәыла ӷарқәа ракәхоит.
"Ари уацәшәартә иҟоуп. Афатә-ажәтә акризис афатә ахәԥса анырра анаҭоит. Аҿиара иаҿу атәылақәа рҿы ари аҭагылазаашьа аԥара адагьы аԥсҭазаара ахаҭа иадҳәалоуп", - ҳәа иҳәоит Холсетер.
Yara International ахада амлакра ҟамларц азы агуманитартә еиҿкаара Адунеитә афатәааглыхратә программа (World Food Programme, WFP) ахь ацхыраара иаҳәатәуп иҳәоит.
Арҵәыгақәа рызхом атәыла беиақәагьы: ЕАА, Канада. Уа ауадаҩра ыҟоуп акалии азоти рырҵәыгақәа ганахь ала.
2021 шықәсазы арҵәыгаз адунеитә хәыԥсақәа 80% ихалеит. Убас акарбамид ахә абҵарамзазы тоннак1000 доллар иаԥсахеит. Акспертцәа ргәаанагарала Аҩада америкатәи арыц аџьармыкьақәа рҿы абри аҭагылазаашьаҿы урыстәылатәи ааглыхыҩцәа аҭыԥ ныркылар рылшоит.
Корзина с продуктами - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.10.2021
Аҳәынҭстатистикаҿы 2021 шықәса жьҭаарамзазы ахныҟәгаратә маҷ заҟароу рҳәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0