Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аомбудсмен гәылрыԥшьтәи аԥсихиатриатә хәшәтәырҭа аҭахрақәа дразҵааит

© Sputnik / Томас ТхайцукПсихиатрическая больница в Гулрыпском районе
Психиатрическая больница в Гулрыпском районе - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.11.2021
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 29 - Sputnik. Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаҩ Асида Шьаҟрылԥҳа гәылрыԥшьтәи аԥсихиатриатә хәшәтәырҭа даҭааит, ҳәа аанацҳауеит аомбудсмен лофис.
Шьаҟрылԥҳаи ахәшәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Ирина Ануаԥҳаи амедусҳәарҭа ауадаҩрақәа ирылацәажәеит. Урҭ ируакуп аусзуҩцәа разымхара, иазыԥхьагәаҭу 192 ҭыԥ аҟынтәи 40-ҩык роуп аус зуа. Убри аан ааҩык аҳақьымцәа аԥсихиатрцәа рҟынтәи хҩык 85 шықәса ирхысхьеит. Дара урҭгьы аԥкрақәа инарыдҳәаланы апандемиаамҭазы аус руам.
Ануаԥҳа иара убасгьы илҳәеит абжьаратә медусзуҩцәа – амедеҳәшьцәа, асанитарцәа, уҳәа шазымхо.
Ахәшәқәа рыла аиқәыршәара акәзар Ирина Ануаԥҳа лажәақә арыла зыда ԥсыхәа ыҟам ахәшәқәа рыла еиқәшәоуп. Ачымазцәа ирыхәҭоу ахәшәтәра роуеит. Иҷыдоу ахәшә аҭаххар Агәабзиарахьчара аминистррахь азыҳәа нарышьҭуеит.
Санитарно-эпидемиологическая станция в Луганске - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.11.2021
Аԥсны
Аԥсихиатриатә хәшәтәырҭаҿы 30-ҩык рҟынӡа COVID-19 рыдбалоуп
Азыҳәақәа ес-ԥшьбара еиҿыркаауеит. Мызкы 360 нызқь мааҭ аҿы итәоит.
Мышкы чымазҩык ибара 98 мааҭ аҟны итәоит.
2021 шықәсазы ахәшәтәырҭа хәшәла аиқәыршәара 45% рыла инагӡоуп.
"Убри аан 2021 шықәсазы хәшәла ҳаиҵамхацт. Астационартә чымазцәа рыуацәа 10% хәшәла ҳаиқәдыршәоит. Амбулатортәқәа ракәзар ахәшәқәа дара иаархәоит", - ҳәа лҳәеит аҳақьым хада.
Урыстәылатәи атәылауаҩра змоу азинҷыдала ахәшәқәа рыла аиқәыршәаратә программа иаҵанакуеит.
Иҟоуп ауадаҩрақәа атранквилизаторқәа анаарго адокументқәа реиқәыршәараҿы. Убри азоуп ара иҿыцу ахәшәқәа ракәымкәа итрадициатәу ахәшәқәа рхы изадырхәо.
Ажәабжьқәа зегьы
0