Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Агәабзиарахьчара аминистр: Аԥсны аепидемҭагылазаашьа шыуадаҩыц иаанхоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаседание опершатаба по защите от коронавируса
Заседание опершатаба по защите от коронавируса  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.11.2021
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 30 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аԥсны аиҳабыра реилатәараҿы COVID -19 алаҵәара инадҳәаланы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа далацәажәеит.
"Аԥсны аепидемҭагылазаашьа шыуадаҩц иаанхоит. Иахьазы аковид ҟәшақәа рҿы ишьҭоуп 245 - ҩык ачымазцәа. Бжьаратәла уахыки-ҽнаки рыла 10-15-ҩык наргоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Быҭәба иҳәеит "Спутник Лайт" 5 212-ҩык, "Спутник V" абҵара 18 аахыс 780 - ҩык иҟарҵахьеит ҳәа.
"Алаҵаҟаҵара аццакрақәа ҳаракым. Аминистррақәеи аусбарҭақәеи рахь аҳәара ҟаҳҵоит абри аганахь ала аусурақәа дырӷәӷәарц. Иахьатәи аамҭазы алаҵа заҵәык ауп ари ачымазара ԥзырҟәҟәауа", - ҳәа иҳәеит иара.
Уи адагьы аминистр иазгәеиҭеит аныҳәамшқәа рзы ақьафурҭақәа рҿы аҭыԥқәа шаанымхаз.
Презентация платформы QR-кодов в минздраве  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.11.2021
Аԥсны
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра алаҵа ззыҟаҵоу QR-код рыҭара апрограмма иалацәажәеит
"Арҭ ауаа рацәа злахәу ауснагӡатәқәа рышьҭахь уаанӡа аиԥш ачымазара еиҳагьы аҽараапкышт. Убри азы аҳәара ҟасҵоит ауаа арҭ аусмҩаԥгатәқәа рҽацәырхьчаларц", - ҳәа азгәеиҭеит Быҭәба.
Аԥыза-министр Александр Анқәаб иҳәеит Аҳәынҭқарра ахада иусԥҟа инақәыршәаны арҭ ауснагӡатәқәа шԥкыу.
Ҳара ари ас шакәу аресторанқәеи акаҳуажәырҭақәеи рыԥшәмацәа еиҭаргәалаҳаршәар ҳҭахуп. Ицәырҵит аштамм ҿыц. Уи арахь иаауам ҳәа аӡәгьы иҳазҳәом. Аковид акыр имҽыӷхеит. Уи иаҿагыло ҳәа иҟоу бзиа иаҳамбо алеишәоуп.
COVID-19 аҟынтәи алаҵаҟаҵарада ауааԥсыра рзы ихеиқәырхагоу акгьы ыҟам, ҳәа иҳәеит аԥыза-министр.
Ажәабжьқәа зегьы
0