https://sputnik-abkhazia.info/20211203/akhada-iusbara-apolitikat-ara-bzhakhaakhymkharoup-1036573510.html
Ахада Иусбарҭа: аполитикатә қәԥара бжьахәаахәҭымхароуп
Ахада Иусбарҭа: аполитикатә қәԥара бжьахәаахәҭымхароуп
Sputnik Аҧсны
1992-1993 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа Реидгыла Ахеилак аҳәамҭа ҟанаҵеит Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа "асуверинитет ишоит", "атәыла... 03.12.2021, Sputnik Аҧсны
2021-12-03T11:35+0300
2021-12-03T11:35+0300
2021-12-03T11:35+0300
аԥсны
ауаажәларра
ажәабжьқәа
аслан бараҭелиа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0a/0e/1031101717_0:104:2000:1229_1920x0_80_0_0_3246c009771232ee341156977e96616c.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Иусбарҭа ахҳәаа ҟанаҵеит 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа Реидгыла Ахеилак аҳәамҭа, убри аан иазгәанаҭеит аполитикатә қәԥара бжьахәаахәҭымхароуп ҳәа."Раԥхьа иргыланы ари ламысым. Анаҩс, аҭагылазаашьа аилыргара иаанарԥшыр алшоит иахьазы иҟоу ауадаҩрақәа иахьа аполитикатә уаргьала зырҵысуа шрылахәыз. Еснагь ихадароу иарбан зҵааразаалак аҟны ихырҳагоу аицәажәара ауп", - ҳәа аҳәоит Аусбарҭа аҳәамҭаҿы.Аибашьра аветеранцәа рҳәамҭаҿы иазааҭгылеит абҵара 22 азы ахада аҭҵаарадырратәи арҿиаратәи аинтеллигенциа рԥылараан ииҳәаз ажәақәа: "Аинтеграциатә процессқәа – аҽакала иуҳәозар, иабсолиуттәым суверенитетуп. Ҳара уи еиҟәаҳшароуп. Ари цәгьарак аҵаны избом: адәныҟатә политика, амааҭ азона… Ашәарҭадареи атәылахьчареи рус аҿгьы иҟаҳҵахьоу ыҟоуп. Уи ҳахәарҭамзар иаҳԥырхагам".Дара иазгәарҭеит ари аҳәамҭа ҳтәыла аҭоурых ҿыц иаҿагылоит, Аԥсны ахьыԥшымраз ақәԥара аҵәаӷәа ахьнашьуеит, ҳиааира мап ацәнакуеит ҳәа."Уи азакәӡам изҭахоз ҳҩызцәа, иахьа имеибашьуаз "аинтеграциатә процессқәа" аҽа ҳәынҭқаррақәак ирыцеиҩыршаларц. Урыстәыла ҳара ҳастратегиатә партнер ауп, иаҳҩызоу ҳәынҭқарроуп. Иара агеополитикатә интересқәа амоуп. Убри аҿы ҳадгылаҩуп. Аха Урыстәыла ахатә суверенитет ахьчараз ҳара ҳсуверенитет аҭахуп ҳәа ҳаҟам. Аинтеграциа алацәажәара зынӡагьы иҟалаӡом", - ҳәа аҳәоит аветеранцәа рҳәамҭа.Ари аҭакс ахада Иусбарҭа Аслан Бжьаниа иажәақәа нагӡаны иааргеит. Уа иазгәаҭоуп Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиҩызареи астратегиатә партниорреи рзы Аиқәшаҳаҭра аԥҟарақәа рыла Аԥсны ахыдҵақәа зегь шынанамыгӡац.Ахада Иусбарҭаҿы ирҳәеит Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Урыстәыла иаҭоуп Аԥсны аҳәаақәа рыхьчараз азин, азинхьчаратә система аныҟәгара ахәҭак, абиуџьеттә усхк аусзуҩцәа рныҟәгара ахәҭак. Аԥснытәи аган аҳәарала ареспубликаҿ игылоуп урыстәылатәи арратә база.Иазгәаҭоуп Аслан Бжьаниа иҟоу аҭагылазаашьа дшахцәажәоз."Исуверентәу Аԥсны иахьатәи аамҭазы ахала аҳәаақәа рыхьчара залымшо атәыла аекономикатә ҭагылазаашьа ауп. Ахада иазиԥхьаӡоит абри азы атәыла астратегиатә дгылаҩ заҵәы – Урыстәылатәи Афедерациа, абарҭ атәыла ахала иазымҩаԥымго аусқәа рганахь ала аинтеграциа мҩаԥнагароуп ҳәа" - рҳәеит ахада иусбарҭаҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0a/0e/1031101717_112:0:1889:1333_1920x0_80_0_0_dacff48e701d22725a57aef884a82191.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ауаажәларра, ажәабжьқәа, аслан бараҭелиа
ауаажәларра, ажәабжьқәа, аслан бараҭелиа
Ахада Иусбарҭа: аполитикатә қәԥара бжьахәаахәҭымхароуп
1992-1993 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа Реидгыла Ахеилак аҳәамҭа ҟанаҵеит Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа "асуверинитет ишоит", "атәыла иҭиуеит" ҳәа ахара идҵо.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Иусбарҭа
ахҳәаа ҟанаҵеит 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа Реидгыла Ахеилак аҳәамҭа, убри аан иазгәанаҭеит аполитикатә қәԥара бжьахәаахәҭымхароуп ҳәа.
"Раԥхьа иргыланы ари ламысым. Анаҩс, аҭагылазаашьа аилыргара иаанарԥшыр алшоит иахьазы иҟоу ауадаҩрақәа иахьа аполитикатә уаргьала зырҵысуа шрылахәыз. Еснагь ихадароу иарбан зҵааразаалак аҟны ихырҳагоу аицәажәара ауп", - ҳәа аҳәоит Аусбарҭа аҳәамҭаҿы.
Аибашьра аветеранцәа рҳәамҭаҿы иазааҭгылеит абҵара 22 азы ахада аҭҵаарадырратәи арҿиаратәи аинтеллигенциа рԥылараан ииҳәаз ажәақәа: "Аинтеграциатә процессқәа – аҽакала иуҳәозар, иабсолиуттәым суверенитетуп. Ҳара уи еиҟәаҳшароуп. Ари цәгьарак аҵаны избом: адәныҟатә политика, амааҭ азона… Ашәарҭадареи атәылахьчареи рус аҿгьы иҟаҳҵахьоу ыҟоуп. Уи ҳахәарҭамзар иаҳԥырхагам".
Дара иазгәарҭеит ари аҳәамҭа ҳтәыла аҭоурых ҿыц иаҿагылоит, Аԥсны ахьыԥшымраз ақәԥара аҵәаӷәа ахьнашьуеит, ҳиааира мап ацәнакуеит ҳәа.
"Уи азакәӡам изҭахоз ҳҩызцәа, иахьа имеибашьуаз "аинтеграциатә процессқәа" аҽа ҳәынҭқаррақәак ирыцеиҩыршаларц. Урыстәыла ҳара ҳастратегиатә партнер ауп, иаҳҩызоу ҳәынҭқарроуп. Иара агеополитикатә интересқәа амоуп. Убри аҿы ҳадгылаҩуп. Аха Урыстәыла ахатә суверенитет ахьчараз ҳара ҳсуверенитет аҭахуп ҳәа ҳаҟам. Аинтеграциа алацәажәара зынӡагьы иҟалаӡом", - ҳәа аҳәоит аветеранцәа рҳәамҭа.
Ари аҭакс ахада Иусбарҭа Аслан Бжьаниа иажәақәа нагӡаны иааргеит. Уа иазгәаҭоуп Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиҩызареи астратегиатә партниорреи рзы Аиқәшаҳаҭра аԥҟарақәа рыла Аԥсны ахыдҵақәа зегь шынанамыгӡац.
Ахада Иусбарҭаҿы ирҳәеит Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Урыстәыла иаҭоуп Аԥсны аҳәаақәа рыхьчараз азин, азинхьчаратә система аныҟәгара ахәҭак, абиуџьеттә усхк аусзуҩцәа рныҟәгара ахәҭак. Аԥснытәи аган аҳәарала ареспубликаҿ игылоуп урыстәылатәи арратә база.
Иазгәаҭоуп Аслан Бжьаниа иҟоу аҭагылазаашьа дшахцәажәоз.
"Исуверентәу Аԥсны иахьатәи аамҭазы ахала аҳәаақәа рыхьчара залымшо атәыла аекономикатә ҭагылазаашьа ауп. Ахада иазиԥхьаӡоит абри азы атәыла астратегиатә дгылаҩ заҵәы – Урыстәылатәи Афедерациа, абарҭ атәыла ахала иазымҩаԥымго аусқәа рганахь ала аинтеграциа мҩаԥнагароуп ҳәа" - рҳәеит ахада иусбарҭаҿы.