https://sputnik-abkhazia.info/20211203/moskva-iyit-xix-xx-ashyshysaa-ryzti-asny-aourykh-azy-arkhivt-materiala-reizga-1036581354.html
Москва иҭыҵит Аԥсны аҭоурых азы архивтә материалқәа реизга
Москва иҭыҵит Аԥсны аҭоурых азы архивтә материалқәа реизга
Sputnik Аҧсны
Ашәҟәы иагәылоуп административ-ҵакыратә еихшара, аӡбарамҩаԥгара, афинанстәи ахәаахәҭратәи усура ирызку аҭоурыхтә документқәа, иара убасгьы аимадара аҿиара... 03.12.2021, Sputnik Аҧсны
2021-12-03T17:06+0300
2021-12-03T17:06+0300
2021-12-03T18:14+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0c/03/1036577615_0:242:1280:962_1920x0_80_0_0_5e23e2cfdeaa09535f189af7e632b5ab.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашәҟәы "Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҭоурыхтә архив фондқәа рыла XIX – XXшш. рызтәи Аԥсны аҭоурых азы адокументқәа реиқәыԥхьаӡа" аӡыргара мҩаԥган Москва, ԥхынҷкәын 2 азы, ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аҭыжьымҭа аҭакзыԥхықәу аиқәыршәаҩ, Жәларбжьаратәи аҿартә ҭоурыхтә форум "История и архивы: межгосударственное измерение" акоординатор Милана Бжьаниаԥҳа.Лара еиҭалҳәеит, 2020 шықәсазы Жәларбжьаратәи аҿартә ҭоурыхтә форум "История и архивы: межгосударственное измерение" Акоординациатә хеилак Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҭоурыхтә архив аинформациа-ԥшааратә системахь аҳәара шыҟанаҵаз XIX – XXшш. рызтәи Аԥсны аҭоурых азы адокументқәа рыԥшааразы.Лара иазгәалҭеит, жьҭаара 22 1992 шықәсазы ақырҭцәа ишырблыз Дырмит Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи алитературеи ринститути Аԥсны аҳәынҭқарратә архиви."Абри инадҳәаланы Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҭоурыхтә архив аинформациа-ԥшааратә системахь аҳәара ҟанаҵеит ари аиқәыԥхьаӡа ахкьыԥхьаа ҳзыҟарҵарц. Дара ақәшаҳаҭхеит. Архивтә еилкаага авторси аиқәыршәаҩыси дыҟан СССР аҭоурыхтә архив хада (ЦГИА) аусзуҩ Асиет Хапачева. 1985-1988 шықәсқәа рзы лара иазлырхиеит аиқәыԥхьаӡа ԥшь-хәҭак. Дара шьақәгылоуп аԥхьажәа, афондқәа рсиа, атаблицақәа, адокументқәа рыла", - ҳәа лҳәеит аҭыжьымҭа аиқәыршәаҩ.Бжьаниаԥҳа иазгәалҭеит, асовет архивистцәа иаздырхиаз аусумҭа аҵак ду амоуп аҭҵааҩцәа рзы."Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҭоурыхтә архив афондқәа рыла XIX – XXшш. рызтәи Аԥсны аҭоурых азы адокументқәа реиқәыԥхьаӡа" еиднакылоит Синод, Сенат, Адгьылқәаарыхра аминистрра, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, Урыстәылатәи Аимпериа аиустициа аминистрра рархивтә фондқәа рдокументқәа."Аҭыжьра аус иалахәын Анастасиа Книазевеи Мальвина Аргәынԥҳаи. Аусурақәа цон шықәсык иназынаԥшуа", - ҳәа лҳәеит лара.Ашәҟәы атираж 200 цыра ыҟоуп. Ахәҭак Урыстәыла ашәҟәтәы палатахь инашьҭуп Москватәи абиблиотекақәа рахь аихшаразы. Иааиуа ашықәс алагамҭазы Аԥсны абиблиотекақәа рахь инагахоит.Ашәҟәы иагәылоуп административ-ҵакыратә еихшара, аӡбарамҩаԥгара, афинанстәи ахәаахәҭратәи усура ирызку аҭоурыхтә документқәа, иара убасгьы аимадара аҿиара, ақыҭанхамҩа, жәлар рҵара, агәабзиарахьчара, адинхаҵара, акурорттә ус рҭоурыхқәа.
https://sputnik-abkhazia.info/20191022/Aynal-asua-arkhiv-abylra-iazkny-akhshy-dyrra-shatsyrgaz-adunei-zegy-iaratyn--1028658874.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0c/03/1036577615_0:122:1280:1082_1920x0_80_0_0_b07586391c1c5fa6b4e4fe4b579905af.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Москва иҭыҵит Аԥсны аҭоурых азы архивтә материалқәа реизга
17:06 03.12.2021 (ирҿыцуп: 18:14 03.12.2021) Ашәҟәы иагәылоуп административ-ҵакыратә еихшара, аӡбарамҩаԥгара, афинанстәи ахәаахәҭратәи усура ирызку аҭоурыхтә документқәа, иара убасгьы аимадара аҿиара, ақыҭанхамҩа, жәлар рҵара, агәабзиарахьчара, адинхаҵара, акурорттә ус рҭоурыхқәа.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашәҟәы "Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҭоурыхтә архив фондқәа рыла XIX – XXшш. рызтәи Аԥсны аҭоурых азы адокументқәа реиқәыԥхьаӡа" аӡыргара мҩаԥган Москва, ԥхынҷкәын 2 азы, ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аҭыжьымҭа аҭакзыԥхықәу аиқәыршәаҩ, Жәларбжьаратәи аҿартә ҭоурыхтә форум "История и архивы: межгосударственное измерение" акоординатор Милана Бжьаниаԥҳа.
Лара еиҭалҳәеит, 2020 шықәсазы Жәларбжьаратәи аҿартә ҭоурыхтә форум "История и архивы: межгосударственное измерение" Акоординациатә хеилак Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҭоурыхтә архив аинформациа-ԥшааратә системахь аҳәара шыҟанаҵаз XIX – XXшш. рызтәи Аԥсны аҭоурых азы адокументқәа рыԥшааразы.
"Ҳара еилаҳкааит 1980 шықәсазы СССР аҭоурыхтә архив хада (ЦГИА)аусзуҩцәа ишаздырхиаз XVIII – XXшш. рызтәи Аԥсны аҭоурых азы адокументқәа Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аԥсуа бызшәеи алитературеи ринститут азы", - ҳәа лҳәеит Бжьаниаԥҳа.
Лара иазгәалҭеит, жьҭаара 22 1992 шықәсазы ақырҭцәа ишырблыз Дырмит Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи алитературеи ринститути Аԥсны аҳәынҭқарратә архиви.
"Абри инадҳәаланы Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҭоурыхтә архив аинформациа-ԥшааратә системахь аҳәара ҟанаҵеит ари аиқәыԥхьаӡа ахкьыԥхьаа ҳзыҟарҵарц. Дара ақәшаҳаҭхеит. Архивтә еилкаага авторси аиқәыршәаҩыси дыҟан СССР аҭоурыхтә архив хада (ЦГИА) аусзуҩ Асиет Хапачева. 1985-1988 шықәсқәа рзы лара иазлырхиеит аиқәыԥхьаӡа ԥшь-хәҭак. Дара шьақәгылоуп аԥхьажәа, афондқәа рсиа, атаблицақәа, адокументқәа рыла", - ҳәа лҳәеит аҭыжьымҭа аиқәыршәаҩ.
Бжьаниаԥҳа иазгәалҭеит, асовет архивистцәа иаздырхиаз аусумҭа аҵак ду амоуп аҭҵааҩцәа рзы.
"Аиқәыԥхьаӡа акьыԥхьра иара аҭҵааҩцәа ирдырыртә иҟанаҵоит. Иахьазы иара здырыр зылшоны иҟоу абиблиотека аԥхьаҩцәа роуп. Ари аусумҭа ԥшаахуп изҭаху рзы", - ҳәа лҳәоит Милана Бжьаниаԥҳа.
"Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҭоурыхтә архив афондқәа рыла XIX – XXшш. рызтәи Аԥсны аҭоурых азы адокументқәа реиқәыԥхьаӡа" еиднакылоит Синод, Сенат, Адгьылқәаарыхра аминистрра, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, Урыстәылатәи Аимпериа аиустициа аминистрра рархивтә фондқәа рдокументқәа.
"Аҭыжьра аус иалахәын Анастасиа Книазевеи Мальвина Аргәынԥҳаи. Аусурақәа цон шықәсык иназынаԥшуа", - ҳәа лҳәеит лара.
Ашәҟәы атираж 200 цыра ыҟоуп. Ахәҭак Урыстәыла ашәҟәтәы палатахь инашьҭуп Москватәи абиблиотекақәа рахь аихшаразы. Иааиуа ашықәс алагамҭазы Аԥсны абиблиотекақәа рахь инагахоит.
Ашәҟәы иагәылоуп административ-ҵакыратә еихшара, аӡбарамҩаԥгара, афинанстәи ахәаахәҭратәи усура ирызку аҭоурыхтә документқәа, иара убасгьы аимадара аҿиара, ақыҭанхамҩа, жәлар рҵара, агәабзиарахьчара, адинхаҵара, акурорттә ус рҭоурыхқәа.