https://sputnik-abkhazia.info/20211205/1036606155.html
Жәеиза метра ирыӡбеит: атурнир "Система Cup 2021" афинал
Жәеиза метра ирыӡбеит: атурнир "Система Cup 2021" афинал
Sputnik Аҧсны
Ашьапылампыл азы актәи Жәларбжьаратәи атурнир "Система Cup 2021" афинал гәдоуҭатәи "Риҵеи" донецктәи "Гвардееци" рыбжьара имҩаԥысит амҽыша ԥхынҷкәын 5 рзы. 05.12.2021, Sputnik Аҧсны
2021-12-05T23:00+0300
2021-12-05T23:00+0300
2021-12-06T09:31+0300
аԥсны
афотосахьақәа
аспорт
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0c/05/1036606161_0:168:1620:1080_1920x0_80_0_0_0811788ca2e567bcdf68d258be6710e6.jpg
Ахәмарра ишналагазҵәҟьа аҩкомандакгьы ирылаз зегьы аарԥшра иалагеит.Раԥхьатәи аминуҭқәа инадыркны гәдоуҭаа ампыл еиҳа иныҟәыргон. Ахәаԥшцәа усҟак ирацәаҩымызт, аха аӡәырҩы ишиашоу ицо аефир ала аинтернет-проваидер "Система" иабзоураны иахәаԥшуан, иара убас Аԥсуа телехәаԥшраҿгьы.Ахәмарра аамҭа хада 2:2 ҳәа еиҭахарала инҵәеит, убри азы апенальтиқәа рахь ииасит. Жәеизаметратәи анаӡараҟынтә ампыл аҭаршәраҿы "Гвардеец" ахәмарыҩцәа еиҳа ирықәҿиеит, убас ала "Риҵа" 3:4 ҳәа иаҵахеит.Ахԥатәи аҭыԥ азы ахәмарраҿы еиԥылеит аҟәатәи "Динамои" "Гагра" акомандеи. Араҟа 4:3 ҳәа аиааира агеит "Гагра".Атурнир иалахәын акомандақәа фба: аҟәатәи "Нарҭ", гәдоуҭатәи "Риҵа", донецктәи "Гвардеец", аҟәатәи "Динамо", гагратәи "Гагра", краснодонтәи "Динамо".Ашьапылампылтә турнир "Система Cup 2021" еиҿыркааит Аԥсны Ашьапылампыл афедерациеи ишиашоу ицо атранслиациақәа ртитултә спонсор, аинтернет-проваидер "Системеи".
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0c/05/1036606161_127:0:1567:1080_1920x0_80_0_0_791b98b32b6a635254f91b212d5495b8.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, афотосахьақәа, аспорт
фото, афотосахьақәа, аспорт
Жәеиза метра ирыӡбеит: атурнир "Система Cup 2021" афинал
23:00 05.12.2021 (ирҿыцуп: 09:31 06.12.2021) Ашьапылампыл азы актәи Жәларбжьаратәи атурнир "Система Cup 2021" афинал гәдоуҭатәи "Риҵеи" донецктәи "Гвардееци" рыбжьара имҩаԥысит амҽыша ԥхынҷкәын 5 рзы.
Ахәмарра ишналагазҵәҟьа аҩкомандакгьы ирылаз зегьы аарԥшра иалагеит.
Раԥхьатәи аминуҭқәа инадыркны гәдоуҭаа ампыл еиҳа иныҟәыргон. Ахәаԥшцәа усҟак ирацәаҩымызт, аха аӡәырҩы ишиашоу ицо аефир ала аинтернет-проваидер "Система" иабзоураны иахәаԥшуан, иара убас Аԥсуа телехәаԥшраҿгьы.
Ахәмарра аамҭа хада 2:2 ҳәа еиҭахарала инҵәеит, убри азы апенальтиқәа рахь ииасит. Жәеизаметратәи анаӡараҟынтә ампыл аҭаршәраҿы "Гвардеец" ахәмарыҩцәа еиҳа ирықәҿиеит, убас ала "Риҵа" 3:4 ҳәа иаҵахеит.
Ахԥатәи аҭыԥ азы ахәмарраҿы еиԥылеит аҟәатәи "Динамои" "Гагра" акомандеи. Араҟа 4:3 ҳәа аиааира агеит "Гагра".
Атурнир иалахәын акомандақәа фба: аҟәатәи "Нарҭ", гәдоуҭатәи "Риҵа", донецктәи "Гвардеец", аҟәатәи "Динамо", гагратәи "Гагра", краснодонтәи "Динамо".
Ашьапылампылтә турнир "Система Cup 2021" еиҿыркааит Аԥсны Ашьапылампыл афедерациеи ишиашоу ицо атранслиациақәа ртитултә спонсор, аинтернет-проваидер "Системеи".

Ашьапылампыл азы актәи Жәларбжьаратәи атурнир "Система Cup 2021" афинал гәдоуҭатәи "Риҵеи" донецктәи "Гвардееци" рыбжьара имҩаԥысит амҽыша ԥхынҷкәын 5 рзы.

Ахәмарра мҩаԥысуан аҟәатәи астадион "Динамо" аҿы.

"Риҵа" ахәмарҩы аҳауаҿы "Гвардеец" иалаз ампыл иаԥигеит.

Ашьапылампыл абзиабаҩцәа гәдоуҭаа ирыдгылон.

Ахәмарраан аԥҟарақәа реилагарақәагьы ыҟан.

"Гвардеец" ашьапылампыласыҩ иҩызцәа ампыл ирҭарц дирбоит.

Афиналтә хәмарра даара аинтерес аҵан.

Ахәмарраҿы ампыл азы аиндаҭларақәа акыр ыҟан.

Ари атурнир зынӡа ф-командак алахәын - аԥснытәиқәа ԥшьбеи ЛЖәР-и ДЖәР-и ркомандақәеи.

Афинал аҿы аиааира згаз деилыркааит апенальтиқәа расраан.

"Гвардеец" ахәмарыҩцәа ркоманда ампыл амба иахьҭадыршәыз иеигәырӷьоит.

Ахәмарра иахәаԥшырц иааит ашьапылампыл абзиабаҩцәа хәыҷқәагьы.

"Гвардеец" ахраҿа иаиааит апенальтиқәа раан еиҳа ампылқәа ахьҭадыршәыз иабзоураны.