Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Софичка" ҭызхыз Кира Коваленко лфильм ҿыц "Оскар" аиуразы иқәыргылоуп

© Foto / Нон-Стоп Продакшн, AR ContentЕВРОПЕЙСКАЯ КИНОАКАДЕМИЯ НАГРАДИЛА ФИЛЬМ “РАЗЖИМАЯ КУЛАКИ”
ЕВРОПЕЙСКАЯ КИНОАКАДЕМИЯ НАГРАДИЛА ФИЛЬМ “РАЗЖИМАЯ КУЛАКИ” - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.12.2021
Анапаҵаҩра
Жьҭаарамзазы ицәырҵит аинформациа Урыстәыла ахьӡала Коваленко лфильм "Оскар" аиуразы иқәдыргылоит ҳәа.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 - Sputnik. Урыстәылатәи арежиссиор Кира Коваленко лфильм "Аҭаҷкәымқәа аартуа" (Разжимая кулаки) официалла акиноакадемиа "Оскар" аԥхьахә аиуразы еиндаҭло рсиа иануп, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Акатегориа "Иреиӷьу аҳәаанырцәтә фильм" ала "Оскар" аиуразы урыстәылатәи акиносахьа аиԥш иқәгылоуп украинатәи арежиссиор Наталиа Ворожбит лусумҭа "Амҩа бааԥсқәа" (Плохие дороги), узбекистантәи акиносахьа "Фарида лашәақәа ҩ-нызқь" (Две тысячи песен Фариды), киргизиатәи афильм "Шамбала", казахстантәи афильм "Ацгәы ҩежь" (Желтая кошка).
Аиҿкааҩцәа ражәақәа рыла аиндаҭлара алахәхаразы 93 тәыла азыҳәақәа ҟарҵеит. Раԥхьаӡа акәны азыҳәа аанашьҭит Сомали.
Жьҭаарамзазы еилкаахеит урыстәылатәи оскартә еилакы, арежиссиор Павел Чухраи ихадарала, Урыстәыла ахьӡала аԥхьахә аиуразы ишықәдыргылаз акиносахьа "Аҭаҷкәымқәа аартуа". Ари Александр Сокуров иҟазарҭа аушьҭымҭа Кира Коваленко аҩбатәи лҭыхымҭоуп. Актәи афильм "Софичка" Фазиль Искандер иповест шьаҭас иаман, аҭыхрақәа Аԥсны имҩаԥысуан.
архивтә фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2017
Астудентцәа р-"Софичка" ахәаԥшыҩцәа ирбараны иҟоуп
"Аҭаҷкәымқәа аартуа" аԥхьарбара мҩаԥган 74-тәи Каннтәи жәларбжьаратәи акинофестиваль аҿы. Канн аиндаҭларатә программа "Агәаанагара ҷыда" аҿы урыстәылатәи акиносахьа раԥхьаӡа акәны Гран-при аиуит.
Акиноакадемиа аихшанҵала "Оскар" аиуразы иқәгылоу 15-ҩык рсиа рылаҳәахоит ԥхынҷкәын 21 рзы, аноминантцәа рыхьӡқәа рыларҳәоит жәабран 8 рзы. 94-тәи аԥхьахәиуратә церемониа мҩаԥгахоит Лос-Анџьелес, хәажәкыра 27 рзы.
Аноминациа "Иреиӷьу аҳәаанырцәтә сахьаркыратә фильм" иалахәхар рылшоит 40 минуҭ еиҳаны ицо, 50% диалог ианглыз бызшәамкәа иҟоу акиносахьа.
Ажәабжьқәа зегьы
0