Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гагра араион азы иаархәараны иҟоуп агәамгага машьынақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукМусороуборочная машина
Мусороуборочная машина  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.12.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Гагра араион ахада Иури Хагәышьи аҳәынҭусбарҭақәа рнапхгаҩцәеи рыҳасабырбақәа дырзыӡырҩит.
ГАГРА, ԥхынҷкәын 8 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра араион азы иаархәараны иҟоуп агәамгага машьынақәа быжьба, 25 миллиони 800 нызқьмааҭ рыхә, ҳәа иҳәеит Гагра араион ахада Иури Хагәышь Аслан Бжьаниа имҩаԥигаз аилацәажәараҿы.
"Иахьазы Гагра араиони ақалақьи рҭахразы атехника ҷыдақәа ф-акк аахәоуп 2021 шықәса иалагӡаны. Ари иақәхарџьуп 19 миллион мааҭ. Аҽа акк араион акоммерциатә еиҿкаарақәа руак ҳамҭас иаҳнаҭеит. Гагра араион азы иааҳхәараны иҟоуп агәамгага машьынақәа быжьба, 25 миллиони 800 нызқьмааҭ рыхә", - ҳәа иҳәеит Хагәышь.
Сбор и утилизация мусора в Абхазии   - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.11.2021
Аԥсны
Аԥсны агәамсам аидкылареи аус адулареи
Иара убасгьы иҳәеит, 2021 шықәсазы Гагра 13,5 миллион мааҭ рыхә амҩатә рҽеирақәа шымҩаԥгоу. Бзыԥҭа ақыҭа Абазгаа рымҩаҿи Алаҳаӡы ақыҭаҿи 52 миллион мааҭ зыхҭынҵатәу акаҭранқәҵара асмета агәаҭара иахысуеит.
Уажәазы Абазгаа рымҩаҿы ашьаҟауаа рзы илгоу амҩахәасҭа лашарала аиқәыршәареи ахаҳәцә аԥсахреи ирҿуп. Арҭ аусурақәа рысметатә хәыԥса 40 миллион мааҭ ыҟоуп. Иара убасгьы, ашьаҟаибаркыра инаркны амшынԥшаҳәатә парк арбзазаратә усурақәа рысмета азырхиара иаҿуп. Иазыԥхьагәаҭоуп 21 миллион мааҭ.
Глава Гагрского района выступил с докладом перед президентом  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.12.2021
Аԥсны
Гагра араион ахада абиуџьет анагӡара азы аҳасабырба ҟаиҵеит
Ажәабжьқәа зегьы
0