https://sputnik-abkhazia.info/20211208/shamtyla-iou-asni-kitaii-rytsarazhatsa-reiylara-maysit-damask-1036648674.html
Шьамтәыла иҟоу Аԥсни Китаии рыцҳаражәҳәаҩцәа реиԥылара мҩаԥысит Дамаск
Шьамтәыла иҟоу Аԥсни Китаии рыцҳаражәҳәаҩцәа реиԥылара мҩаԥысит Дамаск
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 - Sputnik. Дамаск, Китаи Жәлар Рреспублика Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысит Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нагӡа... 08.12.2021, Sputnik Аҧсны
2021-12-08T17:00+0300
2021-12-08T17:00+0300
2021-12-08T17:00+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0c/08/1036643037_0:0:1171:659_1920x0_80_0_0_36557773267b26e895c942eb3f5049a8.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 - Sputnik. Дамаск, Китаи Жәлар Рреспублика Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысит Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытабеи Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу КЖәР азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Фен Биаои реиԥылара. Абри азы адырра ҟаиҵеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.Урыстәылатәи Афедерациеи Китаитәи Жәлар Рреспубликеи рыбжьара еиҟароу апартнерреи астратегиатә еинырреи шьаҭас иамоуп ажәларқәа зегьы рзинқәа ҳаҭыр ахьрықәырҵо адунеитә еиҿкаара аԥҵаразы, иҳәеит адипломат.Китаитәи Жәлар Рреспублика адунеитә ҳәынҭқарра дуқәа иреиуоуп, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа ирлахәылоуп, аусура ҵаҵӷәны иамоуп еицазхарҵахьоу жәларбжьаратәи азинқәа, ахықәкқәа, ООН Аԥҟаԥҵәа апринципқәа, иҳәеит Арӡынба."Китаи алшара дууп Мрагылара Ааигәа аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи, агуманитартәи аекономикатәи ашәарҭадара аиҿкааразы", - ҳәа азгәеиҭеит аминистр.Китаитәи Жәлар Рреспублика Шьамтәылатәи Арабтә Республика аекономикатә ҿиара ацхыраараҿы ароль ду амоуп Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсылмантә Республика Ирани инарываргыланы, ҳәа азгәеиҭеит иара.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0c/08/1036643037_0:0:1171:878_1920x0_80_0_0_4a53edcd19401ab2182511b6a6e68d14.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Шьамтәыла иҟоу Аԥсни Китаии рыцҳаражәҳәаҩцәа реиԥылара мҩаԥысит Дамаск
АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 - Sputnik. Дамаск, Китаи Жәлар Рреспублика Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысит Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытабеи Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу КЖәР азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Фен Биаои реиԥылара. Абри азы
адырра ҟаиҵеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
Урыстәылатәи Афедерациеи Китаитәи Жәлар Рреспубликеи рыбжьара еиҟароу апартнерреи астратегиатә еинырреи шьаҭас иамоуп ажәларқәа зегьы рзинқәа ҳаҭыр ахьрықәырҵо адунеитә еиҿкаара аԥҵаразы, иҳәеит адипломат.
Китаитәи Жәлар Рреспублика адунеитә ҳәынҭқарра дуқәа иреиуоуп, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа ирлахәылоуп, аусура ҵаҵӷәны иамоуп еицазхарҵахьоу жәларбжьаратәи азинқәа, ахықәкқәа, ООН Аԥҟаԥҵәа апринципқәа, иҳәеит Арӡынба.
"Китаи алшара дууп Мрагылара Ааигәа аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи, агуманитартәи аекономикатәи ашәарҭадара аиҿкааразы", - ҳәа азгәеиҭеит аминистр.
Иара убас иазгәеиҭеит, Шьамтәылатәи Арабтә Республика ацхыраара аус аҿы мҩакы еицықәу ҳҳәынҭқаррақәа агуманитартә, ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа рыбжьаҵара нап аҳаркыр ҳалшоит ҳәа.
Китаитәи Жәлар Рреспублика Шьамтәылатәи Арабтә Республика аекономикатә ҿиара ацхыраараҿы ароль ду амоуп Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсылмантә Республика Ирани инарываргыланы, ҳәа азгәеиҭеит иара.