Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны анаркотикқәа алазырҵәоз Урыстәыла атәылауаҩԥҳәыс лус аӡбарҭахь инашьҭуп

CC0 / / / Судебный молоток
Судебный молоток  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.12.2021
Анапаҵаҩра
Аԥҳәыс анаркотикқәа алалырҵәон Аԥсны иахьаҵанакуаз "ашьҭаҵарҭа маӡақәа" рхархәарала. Дангәарҭоз илыдбалан 128 еилаҳәара аметадон.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 - Sputnik. "Ашьҭаҵарҭа маӡақәа" рхархәарала Аԥсны иахьаҵанакуаз анаркотикқәа алазырҵәоз Лариса Копева лус аӡбарҭахь инашьҭуп, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.
По подозрению в незаконном приобретении, хранении наркотических средств с целью сбыта, задержана гражданка России  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Telegram ала анаркотикқәа рылазырҵәоз аԥҳәыс даанкылоуп
Аусӡбара адырралқәа рыла, Москва инхоз Лариса Копева жьҭаарамзазы Гагра араион Бзыԥҭа ақыҭаҿы лыҟазаараан амессенџьер Telegram ала "Шейх-Л" ҳәа хьӡыс измаз ишьақәыргылам хаҿыки лареи еинырит.
Дара ирыгәҭакын Аԥсны иахьаҵанакуаз анаркотикқәа раларҵәара. "Ашьҭаҵарҭа маӡа" аҟны анаркотик аҵәахра 1000 мааҭ иаԥсан.

Жьҭаара 10 рзы Копева аҵәахырҭақәа ахьыҟаз аҭыԥқәа дырны Аҟәа дааит. Аҟәатәи авокзал ашҭаҿы аҭиразы аҵәахырҭаҟынтә илгеит 79,16 грамм аметодон. - 133 еилаҳәара.

Иара убри аҽны лара АШәМи Аԥсны ААР анаркотикеикәыршара ахылаԥшраз аусбарҭеи русзуҩцәа дааныркылеит. Данааныркылоз илыдырбалеит 128 метадон-еилаҳәара. Иара убасгьы авокзал аҵакыраҿы аҽа хә-еилаҳәарак ԥшаан.
Аӡбарҭахь инашьҭуп аоператив-ԥшааратә усура амҩаԥысразы ақәҵара, ашаҳаҭцәа рҿахәы, аҭҵааратә актқәа, аекспертцәа рылкаақәа, амаҭәарқәа раарԥшра аԥкаанҵақәа, аҵәах-ҭыԥқәа рфотосахьақәа, аҭел, ацәгьауҩы лҿахәҩыра. Лара иҟалҵаз азы лҿа лықәшаҳаҭуп.
Машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.09.2021
Аԥсны ААР анаркотикқәа аҭыԥ ҷыдақәа рҿы ишьҭазҵоз ауаҩы дааныркылеит
Ажәабжьқәа зегьы
0