Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ҳашыг Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчара иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Ҳашыг Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчара иазкны
Анапаҵаҩра
Иахьа адунеи аҿы иазгәарҭоит ауаҩы изинқәа рыхьчара амш. Аԥсны ауаҩы изинқәа зыхьчо иаппарат азиндырҩы Асҭан Ҳашыг арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ҳтәылаҿы ари азҵааразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
"Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчараҿы аҭагылазаашьа ҳара ишаҳҭаху иҟам. Ҳусура иаҳнарбоит ауаа рзинқәа шырзеилымкаауа. Урҭ еилагар ҟалоит азинхьчаратә усбарҭақәа рҿы, аҳәынҭқарратә шәарҭадартә маҵзураҿы. Аусбарҭақәа русзуҩцәа уи аилкаара рымазаргьы аҭагылазаашьа ирнаҭом алшара урҭ рықәныҟәара. Иаҳҳәап, иҳамоу абахҭаҿы, аамҭалатәи аанкыларҭаҿы, иҟам аҭагылазаашьа ацьгьоуцәа ишахәҭоу рбаразы", - еиҭеиҳәеит Ҳашыг.
Азиндырҩы Аԥсуареи ауаҩы изинқәеи реинаалашьа атәы дазааҭгылеит, Аԥсуара ныҟәызго, уи атәы изымдыркәа, ауаҩы изинқәагьы ҳаҭырла дшырзыҟоу иҳәеит.
"Иҟоуп ахҭысқәа ахацәа аԥҳәыс лзинқәа неиларго, аха аԥсуаа рҿы ишаԥу еиԥш уи аҵәахра иашьҭалоит. Убри аан иҟалалоит ахҭысқәа ҳара инҳадҵаало, аха аҭаацәа рыҩнуҵҟа иҟоу аус иахаҵгыло маҷуп. Ҳара Жәлар реизарахь инаҳашьҭит аҭаацәараҿы амчра атәы зҳәо азакәан, аха уи макьана ус иаанхеит. Иахьа иҳамоу азакәан ала џьаргьы иарбаӡам ахаҵа аԥҳәыс лахь амчра ааирԥшыр, уи ихьырхәра шалыршахо атәы зҳәо", - еиҭеиҳәеит Ҳашыг.
Ажәабжьқәа зегьы
0