Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Соломко Ԥсырӡха аевкалиптқәа рыԥҟара иазкны

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Соломко Ԥсырӡха аевкалиптқәа рыԥҟара иазкны
Анапаҵаҩра
Ԥсырӡха, амшын азааигәара аевкалиптқәа ршьапы иҵакны аԥҟара иаҿуп ҳәа асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵыз аинформациа арадио Sputnik аҟны ахҳәаа аиҭеит аԥсабара ахьчареи аекологиеи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Мурман Соломко.
"Ҩымз хымз раԥхьа ҳара ҳахь ачымазара змоу аҵлақәа рыԥҟаразы азин иаҳҭарц арзаҳал иҩит, Ԥсырӡха ақыҭан адгьыл зырҭаз, апансионат аргылара згәы иҭоу анаплакҩы. Аҭыԥахь инеиз аекспертцәа ус еиԥш иҟаз аа-ҵлак алырхит, уи ашьҭахь ҳара азин иаҳҭеит урҭ рықәгыразы. Уажәы уи ацәажәарақәа анахылҿиаа ҳаекспертцәа цан еиҭагәарҭеит, саргьы уа сыҟан, иазгәаҭаз аа-ҵлак рыда уаҳа акгьы иалакьысӡам. Ичмазҩыз аҵлақәа рсахьақәа ҭыхны иҟоуп, урҭ ирхәаны игылан, алкааҿгьы иарбоуп. Дара акыр идуун, ҳәарада, урҭ рыԥҟара ауаа игәарымҭара залшомызт, уи иагьиашоуп хырҩа ахьарымҭаз, аха аҵлақәа уаҳа нҵыра ҳәа акгьы роуртә ыҟамызт. Иахьа-уаҵәы рхала иҵырҩыр алшон. Апансионат аԥшәма иҳәеит, урҭ рхаҭыԥан аҿыц аиҭаҳара ихахьы ишиго атәы, уи ҟаимҵаргьы ҳауӡом, ус еиԥш иара алкааҿгьы иарбоуп", - еиҭеиҳәеит Соломко.
Ажәабжьқәа зегьы
0