Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ААР анаркотикқәа рыҵәахреи рыҭиреи рзы ашьаусқәа хацнаркит

© Sputnik Патрульные машины МВД Абхазии
Патрульные машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.12.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусузҩцәа мчыбжьык иалагӡаны зхархәареи, зыҭиреи, зныҟәгареи ҟамло анаркотикатә маҭәашьар здырбалаз ԥшьҩык ааныркылеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 – Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рзы аминистрра апресс маҵзура амчыбжь азы азакәанеилагаразы иаанкылоу ахаҿқәа рзы аоперативттә хҳәаа акьыԥхьит.
Аԥсны ААР ашьаусԥшаара аҟәша аусзуҩцәеи аҩнуҵҟатәи аусқәа рзы аминистрра Галтәи аҟәша русзуҩцәеи хыԥхьаӡара рацәала арҩашьыгатә маҭәашьар идырбалеит Гал инхо, 1968 шықәса рзы ииз Ҭеимураз Езыгәба. Ахаҵа даанкылан аҳәынҭқарратә ҳәаа "Егры" данахысуаз. Игәаҭараан идырбалеит арҩашьыгатә маҭәашьар метадон згәылаз аилаҳәыра. Анаркотикқәа ааихәеит Жәыргьыҭ, закәаншьаҭада анаркотикқәа Аԥсныҟа иалеигалеит. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рзы аминистрра Галтәи аҟәша аусҭҵаара мҩаԥнагоит.
Иара убас, амилициа аусзуҩцәа анаркотикқәа закәаншьаҭада аахәара, аҭира, аҵәахра, амҩангара, аныҟәгара рзы ахәҭаҷ ала Маркәыла инхо, 1984 шықәса рзы ииз Рамаз Кәақәасқьыр иганахьала ашьаус хацдыркит. Иара даанкылан амҩа-патрультә маҵзура агәаҭаратә ҭыԥ Бамбора аҿы. Ахаҵа игәаҭараан арҩашьыгатә маҭәашьар метадон идырбалеит. Аоперативттә ԥшаарақәа мҩаԥыргеит Гәдоуҭатәи ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәа.
Хыԥхьаӡара рацәала арҩашьыгатә маҭәашьар идырбалеит Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан инхо, 1968 шықәса рзы ииз Робик Хәыпориа. Даанкылан Аҟәа, Гәлиа имҩаҿы. Имҩаԥгаз аҭҵаара ишьақәнаргылеит аҵиаа - мариахуана шакәыз, зынӡа идбалан 50 грамм анаркотикатә маҭәашьар. Ашьаус хацыркуп, ашьаусԥшаара мҩаԥнагоит Аԥсны ААР аҟәатәи аҟәша аусзуҩцәа.
Ари амчыбжь азы даанкылан 1996 шықәса рзы ииз Инал Амқәаб закәаншьаҭада хыԥхьаӡара рацәала арҩашьыгатә маҭәашьар аарыхреи, ахархәареи, амҩангареи рзы, иара убас закәаншьаҭада анаркотикқәа Аԥсныҟа иалеигалеит ҳәа ахара идҵоуп. 25 шықәса зхыҵуа Амқәаб дааныркылеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшраз аусбарҭа русзуҩцәа "Ԥсоу" аҳәаа данахысуаз. Ашьаус хацыркуп.
Судебный молоток  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.12.2021
Аԥсны
Аԥсны анаркотикқәа алазырҵәоз Урыстәыла атәылауаҩԥҳәыс лус аӡбарҭахь инашьҭуп
Ажәабжьқәа зегьы
0