Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Борис Багаҭелиа дзиудо азы аветеранцәа рыбжьара Урыстәыла Ахраҿа даиааит

© Sputnik / Марианна Кубрава Борис Багателия
Борис Багателия - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.12.2021
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 - Sputnik. Борис Багаҭелиа дзиудо азы аветеранцәа рыбжьара Урыстәыла Ахраҿа даиааит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы.
Аветеранцәа рыбжьара Урыстәыла Ахраҿазы аиндаҭларақәа мҩаԥысит ԥхынҷкәын 12 рзы Москва. Урҭ Урыстәыла Аԥсадгьыл Афырхацәа рымш аҳаҭыр иазкын.
Борис Багаҭелиа - аветеранцәа рыбжьара ҩынтә ичемпионхахьоу, адунеи ачемпионат аҿы араӡни аџьази занашьахахьоу, аветеранцәа рыбжьара Урыстәыла ҩынтә иачемпионхахьоу, самбо азы жәларбжьаратәи акласс змоу аспорт, "Ахьӡ-аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу спортсменуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0