00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
18:35
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
21:35
2 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Латипов Егры аҳәааҿ ашәарҭадаразы: Урыстәылеи Аԥсни рымчқәа реидкылара иабзоуроуп

Латипов Егры аҳәааҿ ашәарҭадаразы: Урыстәылеи Аԥсныи рымчқәа аидкылара иабзоуроуп
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә гәыԥ аиҳабы Рустам Латипов арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Егры аҳәаа еилазго ауааԥсыра раанкылара аус шеиҿкаау, насгьы Урыстәыла ҳәаахьчаҩцәеи ашәарҭадаратә маҵзура русзуҩцәа русеицура атәы.
Аԥсны АШәМ аусзуҩцәеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла аҳәаахьчаҩцәеи 2021 шықәса цәыббреи абҵареи амзақәа рыҩнуҵҟа Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа еилазгаз 500-ҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра ааныркылеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа асаит. Закәаншьаҭада Аԥсны аҳәаа ахысразы х-шьауск хацыркуп.
"Ирацәаҩуп Гал ауааԥсыра атәылауаҩра ашәҟәы змам. Урҭ аҳәааҿы иаадырԥшуа ақьаад рымаӡам аҟынтә ауп еиҳарак ӡакәанда аҳәаа ахысра заԥшьырго. Ус еиԥш ҟазҵо аӡиас иазааигәоу ақыҭақәа рҿы инхо роуп. Еиҳарак ауадаҩрақәа ахьыҟоу аладатәии аҩадатәии азона ҳәа иахьашьҭоу рҿоуп. Аԥсни Қырҭтәылеи аҳәаа ахьчараз агәаҭаратә аушьҭыртә ҭыԥқәа рнаҩс, аҳәаа ахьчара ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭра изларбоу ала Урыстәылатәи аган иаҳа иадуп. Дара иааныркыло Гал араион ашәарҭадаратә маҵзурахьы иааргоит. Раԥхьатәи аматериалқәа еиқәзыршәо дара роуп, анаҩс ҳара, иахәҭазар, ашьауӷатә ус аԥаҳҵоит, нас аӡбарҭатә усбарҭахь иҳашьҭуеит. Урыстәылеи Аԥсни рымчқәа еидкыланы аҳәаахьчара азнеира, ҳәарада, ашәарҭадаразы иаҳа иахәоит. Уи убаратәы иҟоуп. Иахьа иакәым згәы иҭоу Қырҭтәыла аганахьала акырӡа имаҷхеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Латипов.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0