Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Аԥсны Жәлар рфорум "Аидгылара" афеномен иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Аԥсны Жәлар рфорум "Аидгылара" афеномен иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рфорум "Аидгылара" аԥҵаратә еизара мҩаԥысит 33 шықәса раԥхьа. Ихьыԥшыму ҳҳәынҭқарра аҭоурых аҟны ари ауаажәларратә хеидкыла анаҩс иполитикатә еиҿкаараны ишьақәгылаз, инанагӡаз ароль дазааҭгылеит аҭоурыхҭҵааҩ Геннади Ҵлаииа.
Ԥхынҷкәын 13, 1988 шықәсазы Аҟәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә фиалармониаҟны имҩаԥган ауаажәларра-политикатә адемократиатә ҵысра ҿыц аԥҵаратә еизара, ҳҳәынҭқарра аҭоурых аҟны Аԥсны Жәлар рфорум "Аидгылара" ҳәа ирдыруа.
"Аидгылара" афеномен, уи ацәырҵра, аԥсуа ҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылараҟны иааннакылаз аҭыԥ далацәажәеит аҭоурыхҭҵааҩ Геннади Ҵлаииа.
"…Усҟантәи аамҭазы "Аидгылара" ахыԥша ҳаракӡан, уи иаламлоз Аԥсны даӷоуп рыԥхьаӡо аҟынӡа иҟан… "Аидгылара" ҳәа ахьӡ мацара акәымызт иҟаз, аҵак ду аман, аус нанагӡон ажәлар еилымхкәа, усҟан партиак акәын иҟаз, ахьтәы нбанла аҭоурых ианылеит…Уи иалаз ауаагьы ҳаҭыр зқәыз ракәын, иара аидгыла инанагӡоз аус аҳәынҭқарра ҿыц аргылараҟны даара иҳаракын", - иҳәеит Ҵлаииа.
Ажәабжьқәа зегьы
0