Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа Лаҭатәи арыцҳараан иҭахаз ргәаладыршәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Акция зажжения свечей посвященная Латской трагедии
Акция зажжения свечей посвященная Латской трагедии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2021
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 14, 1992 шықәсазы Қырҭтәылатәи архәҭақәа иҭадырхеит ахҵәацәа зықәтәаз амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ақалақь аҟынтәи Гәдоуҭаҟа иԥрыз авертолиот.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 – Sputnik. Лаҭатәи арыцҳара иалаӡыз ргәалашәара иазку ауснагӡатәқәа мҩаԥган Аҟәа.
"Аҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти русқәа рзы аусбарҭеи Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеии есышықәса еицымҩаԥаагоит Лаҭа иҭархаз ргәалашәара иадҳәалоу ауснагӡатәқәа. Ԥхынҷкәын 14- ҳҭоурых аҿы еиқәаҵәоу мшуп, ари аҽны рыԥсҭазаарақәа ҿахҵәеит 87-ҩык, урҭ рахьтә 35-ҩык хәыҷқәан", - лҳәеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи аиҳабы, Аԥсны Афырхаҵа Мзиа Беииаԥҳа.
Церемония возложения цветов к памятнику жертвам Латской трагедии в Гудауте  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2021
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Лаҭатәи арыцҳара иалаблыз игәалаиршәеит
Амузеи аҟны иаартын аекспозициа, ицәыргақәҵан авертолиот ахәҭақәеи, арыцҳара ахьыҟалаз акәша-мыкәша иԥшааз иҭахаз рымаҭәақәеи.
Агәалашәаратә акциа алахәылацәа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит, ацәашьқәа адыркит.
Ԥхынҷкәын 14, 1992 шықәсазы ахҵәацәа зықәтәаз авертолиот МИ-8 амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ақалақь аҟынтәи Гәдоуҭаҟа амҩа иқәлеит. Авертолиот анышьҭыԥраа 12 минуҭ рышьҭахь, асааҭ 17:30 рзы уи аамҭазы Қырҭтәылатәи архәҭақәа рнапаҿы иҟаз Кәыдрытәи аҩхаа, Лаҭа ақыҭа ианахыԥраауаз, 1900 метра аҳаракыраҿы иҭархан Ақырҭуа ҳәынҭсовет аруаа ихаларҵаз аракета "Адгьыл-аҳауа" ала.
Авертолиот каҳаит Гәылрыԥшь араион Лаҭа ақыҭан. Рыԥсқәа шҭаз амца иалаблит 87-ҩык, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан 35-ҩык ахәыҷқәа, ааҩык зцәа зтәымыз аҳәса.
Ажәабжьқәа зегьы
0