Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Лаҭатәи арыцҳара иалаблыз игәалаиршәеит

© Foto / официальный сайт Президента Республики Абхазия Церемония возложения цветов к памятнику жертвам Латской трагедии в Гудауте
Церемония возложения цветов к памятнику жертвам Латской трагедии в Гудауте  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2021
Анапаҵаҩра
Лаҭатәи арыцҳара иалаӡыз ргәаладыршәеит Аԥсны, ԥхынҷкәын 14 рзы. Агәалашәаратә уснагӡатәқәа еиҿкаан Гәдоуҭа, Тҟәарчал, Аҟәа.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Гәдоуҭа игылоу, Лаҭатәи арыцҳара иазку абаҟахьы днеины ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Бжьаниа иҳәеит ԥхынҷкәын 14 – Аԥсны аҭоурых аҿы еиҳа ирыцҳароу арыцхәқәа ируакуп ҳәа. Абри амш аҽны Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар иҭадырхеит амацәаз иҭакыз Тҟәарчалынтә Гәдоуҭаҟа ахҵәацәа аазгоз авертолиот. Иҭахеит 87-ҩык, аиҳараҩык аҳәса, ахәыҷқәа, абыргцәа.
Алахьеиқәратә церемониа иалахәын ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа, Апарламент адепутатцәа, аиҳабыра рхаҭарнакцәа, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз ргәакьацәа, ареспублика ауааԥсыра.
"Ари аҩыза арыцҳара ажәлар ирхамшҭроуп. Иҭахаз ргәакьацәа рҿаԥхьа ҳхы лаҳарҟәуеит", - лҳәеит Сергеи Дбар ихьӡ зху Аџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.
Беииаԥҳа еиҭалҳәеит Лаҭа иҭархаз ргәалашәаразы Аҟәа имҩаԥгахо ауснагӡатәқәа ртәы - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2021
Арадио
Беииаԥҳа еиҭалҳәеит Лаҭа иҭархаз ргәалашәаразы Аҟәа имҩаԥгахо ауснагӡатәқәа ртәы
Амитинг ашьҭахь Аслан Бжьаниа амузеи даҭааит, уаҟа ицәыргақәҵан Лаҭатәи арыцҳара иалаӡыз ргәалашәара аҳаҭыраз ацәыргақәҵа.
Џьыкырԥҳа Атәыла ахада изеиҭалҳәеит ицәыргақәҵаза амаҭәарқәа рҭоурых. Аҭоурых агәалашәара хымԥада еиқәырхатәуп, иахәҭоу ацхыраара дшазыхио атәы иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Ԥхынҷкәын 14, 1992 шықәсазы ахҵәацәа зықәтәаз авертолиот МИ-8 амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ақалақь аҟынтәи Гәдоуҭаҟа амҩа иқәлеит. Авертолиот анышьҭыԥраа 12 минуҭ рышьҭахь, асааҭ 17:30 рзы уи аамҭазы Қырҭтәылатәи архәҭақәа рнапаҿы иҟаз Кәыдрытәи аҩхаа, Лаҭа ақыҭа ианахыԥраауаз, 1900 метра аҳаракыраҿы иҭархан Ақырҭуа ҳәынҭсовет аруаа ихаларҵаз аракета "Адгьыл-аҳауа" ала. Рыԥсқәа шҭаз амца иалаблит 87-ҩык, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан 35-ҩык ахәыҷқәа, ааҩык зцәа зтәымыз аҳәса.
Авертолиот каҳаит Гәылрыԥшь араион Лаҭа ақыҭан. Уи иара убасгьы иҭан еицырдыруаз аԥсуа командирцәа Владимир Анцупов, Аслан Занҭариа, даҽа жәаҩаҩык аибашьцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0