Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Акриминалтә хыԥша змаз Иапончик ишьра аганахь ала аӡбамҭа рыдыркылеит

© Пресс-служба Мосгорсуда / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОглашение приговора по делу об убийстве В. Иванькова (Япончика)
Оглашение приговора по делу об убийстве В. Иванькова (Япончика) - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2021
Анапаҵаҩра
Зус рыӡбоз ахара рыдырҵон гәыԥла ауаҩ ишьра, закәаншьаҭада абџьар амазаара, аикәыршара, аинформациа аиуразы атеххархәагақәа рымазааразы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 - Sputnik. Москва ақалақьтә ӡбарҭа 15; 16 шықәса рықәнаҵеит Џьамбул Џьанашьиеи Муртази Шаданиеи —акриминалтә хыԥша змаз Виачеслав Иваньков (Иапончик) ишьра алахәылацәа, ҳәа аҩуеит РИА Новости.

Џьанашьиа 15 шықәса арежим ӷәӷәа аколониаҿ ихигароуп, Шаданиа — 16 шықәса.

Зус рыӡбоз ахара рыдҵоуп гәыԥла ауаҩ ишьра, закәаншьаҭада абџьар амазаара, аикәыршара, аинформациа аиуразы атеххархәагақәа рымазааразы.
Аусҭҵаара агәаанагарала 2009 шықәса мшаԥымзазы, уаанӡа зус рыӡбхьаз Подмосковие инхо Илиа Симониа ацәгьоуратә еилазаараҿы аҭыԥҷыда ааникыларазы Иваньков ишьра еиҿикааит. Абри аус иадиԥхьалеит Газзаев, Шьаданиа, Џьанашьиа, Нугзар Папаа, Асҭамыр Быҭәба.
Суд - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2021
"Япончик" ишьразы аус аӡбарҭахь инашьҭуп
Симониа инапынҵала 2009 шықәса ԥхынгәы 28 рзы Газзаев, Џьанашьиа, Шьаданиа, Папаа, Быҭәба неит Москва, Хорошевское шоссе аҿы иҟоу ақьафурҭа "Тайский слон" ахь Иваньков ишьклаԥшразы. Иара убри аҽны Быҭәба "Газель" акузов аҟынтәи винтовкала Иваньков диеихсит. Ипончик иоуз ахәрақәа рҟынтәи жьҭаара 9 рзы иԥсҭазаара далҵит ахәышәтәырҭаҿы.
Симониа, Папаа, Быҭәба бналеит, жәларбжьаратәи рышьҭазаара рылаҳәоуп.
Уаанӡа Аԥсны Апрокуратура хада Урыстәылантәи ацхырааразы азыҳәа азаарышьҭит "Япончик" ҳәа хьыӡшьараны измаз аӷьыч Виачеслав Иваньков иус аганахьала.
Иаиуз азыҳәа инақәыршәаны Аԥсны Апрокуратура хада ашьаусҭҵааратә ҟәша аусҭҵааратәии апроцессуалтәи уснагӡатәқәа мҩаԥнагоит.
Генеральная прокуратура - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.01.2021
Аԥсны Апрокуратура хада Урыстәылантәи азыҳәа азаарышьҭит "Япончик" иус аганахь ала
Аусбарҭа апресс-маҵзура иазгәанаҭоит Урыстәыла Апрокуратура хада азыҳәаҿы ишазԥхьагәанамҭо Аԥсны атәылауаа Быҭәбеи Папааи роура, Аԥсны Аконституциа инақәыршәаны ареспублика атәылауаа аҳәаанырцә ҳәынҭқарра аҭара азин ахьыҟам азы.
Убри аан Аԥсны АЗ инақәыршәаны, Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра ҵаҵӷәыс иҟаҵаны арҭ ахаҿқәа иахәҭоу ашьаустә материалқәа роураан рус аӡбара алшоит.
Нугзар Папаа иара убасгьы Омар Мерцхәылаа иӷьычра далахәуп ҳәа ахара идырҵоит. Абри азы ашьаустә материалқәа Аҟәа араионтә ӡбарҭа еилнаргоит.
Стефан Баллиет, обвиняемый в застреле двух человек после попытки штурма синагоги в Галле-ан-дер-Заале, восточная Германия, носит наручники, когда прибывает в район на начало 26-го дня судебного заседания 21 декабря 2020 г - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2021
Аԥсны атәылауаа ҩыџьа жәларбжьаратә шьҭазаара рымоуп "Япончик" ишьра иалахәын ҳәа
Ажәабжьқәа зегьы
0