Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны иҟаз Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ имаҵура ааныжьны Москваҟа дхынҳәит

© Sputnik / Томас ТхайцукПосол России в Абхазии Алексей Двинянин
Посол России в Абхазии Алексей Двинянин - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.12.2021
Анапаҵаҩра
Алексеи Двинианин 2018 шықәса раахыс Аԥсны дыҟан азинмчра нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ иҳасаб ала.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 – Sputnik. Аԥсны иҟаз Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин имаҵура ааныжьны Москваҟа дхынҳәит, ҳәа аанацҳауеит урыстәылатәи адипмиссиа апресс-маҵзура.
"Ԥхынҷкәын жәохә азы Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟаз азинмчра нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ А. А. Двинианин имаҵура хыркәшаны Москваҟа дхынҳәит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аамҭала ацҳаражәҳәаҩ инапынҵақәа неигӡалоит адипмиссиа абжьгаҩ Максим Литвинов.
Алексеи Двинианин Урыстәыла ахада Владимир Путин идҵала ари амаҵзура дахаргылан 2018 шықәсазы. Уаанӡа иара Урыстәыла ААР аҿы ИАР атәылақәа аԥшьбатәи рдепартамент адиректор ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.
Абри аҭыԥ аҿы иара диԥсахит Семион Григорьев, жьҭаара 25 2008 шықәса инаркны хәажәкыра 30 2018 шықәсанӡа Аԥсны иҟаз.
Ажәабжьқәа зегьы
0