Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Урыстәылаҟа аҳәара ҟанаҵеит алашара аиуразы

© Sputnik ВЛ Тамыш
ВЛ Тамыш  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.12.2021
Анапаҵаҩра
Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы хара имгакәа аӡы аҩаӡара ашәарҭаратә лаҟәыраҿ инеиуеит ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 – Sputnik. Аԥсны Урыстәылаҟа аҳәара ҟанаҵеит афымцалашара аиуразы ЕгрыГЕС, Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара ашәарҭаратә лаҟәыраҿ аҟазаара иахҟьаны ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа адепутатцәа рԥылараан.
"Алашара аиуразы иахәҭаны иҟоу ашәҟәқәа зегьы хиоуп. Иациижьҭеи ашәҟәы Урыстәыла аԥыза-министр Мишустин истол иқәуп. Иахәҭоу аӡбра аиуеит ҳәа ҳгәыӷуеит", - ҳәа иҳәеит Бжьаниа.
Хра злоу ахҭысқәа: Блабба афымцалашара ақәыӷәӷәара ҳаракқәа иахылҿиаауа иазкны   - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.11.2021
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Блабба афымцалашара ақәыӷәӷәара ҳаракқәа ирхылҿиаауа иазкны
Аԥсны алашара аамҭа-аамҭала арцәаразы аамҭеихшара алагалоуп.
Уаанӡа адырра ҟаҵан адепутатцәа раԥшьгамҭала Аҳәынҭқарра ахада иԥылара апарламент аҟны ишымҩаԥгахо. Ԥхынҷкәын 15 азы ахада ипресс-маҵзура ахада иҳәамҭа ҟанаҵеит аиԥылара шымҩаԥгахо аковидҿагыларатә ԥкрақәа азгәаҭаны, асоциалтә дистанциа иқәныҟәаны Аминистрцәа реилазаараҿы аиԥылара шымҩаԥсуа. Адепутатцәа рыхәҭак аиԥылара Апарламент аҿы имҩаԥысыр акәын ҳәа иазԥхьаӡаны анеира мап ацәыркит.
Ажәабжьқәа зегьы
0