Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәылатәи асапиорцәа Аҟәатәи аҳаиртә баӷәазаҿ арҭҟәацгақәа рыцхра хдыркәшеит

© Foto / пресс-служба ЮВО Саперы ЮВО приступили к разминированию территории международного аэропорта в Сухуме
Саперы ЮВО приступили к разминированию территории международного аэропорта в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.12.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аррамаҵзурауаа абҵарамзазы Аԥсныҟа иааит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҵакыра аҟынтәи иԥымжәац арҭҟәацгақәа рықәгаразы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 – Sputnik. Аладатәи арратә округ анџьныр-сапиортә ҟәша аррамаҵзурауаа Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза иахьаҵанакуа быжь-гектарк итҟәацуаз амаҭәарқәа рҟынтәи идрыцқьеит, ҳәа аанацҳауеит ателеканал "Звезда".
Аэропорт Сухум им. В.Г. Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.12.2021
Аԥсны
Бжьаниа аҳаиртә баӷәаза аргылараз апроекттә документациа арыцхәқәа ртәы иҳәеит
Иԥымжәац аџьаԥҳани амаҭәарқәеи рыԥшаареи рыртҟәацреи рзы ауснагӡатәқәа аҟазауаа имҩаԥыргеит ахьчага шәҵатәы ОВР-2 "Сокол" рышәҵани аминаԥшаага ИМПС-2 рымани.
Аррамаҵзурауаа ирыԥшааит иԥымжәакәа иҟаз еиуеиԥшым агәыцә иаҵанакуаз аџьаԥҳаныи атанкртҟәацга минақәеи, артиллериатә снариадқәа, аминаршәгатә минақәа уҳәа назлоу.
Аҳаиртә баӷәаза аминақәа рҟынтә идрыцқьон Аладатәи арратә округ 14-ҩык аруаа. Жәаҩык асапиорцәа Чечентәи Ареспубликаҿы аԥышәара иахысхьан.
Саперы ЮВО приступили к разминированию территории международного аэропорта в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.11.2021
Аԥсны
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҵакыра анџьныртә ԥшыхәра мҩаԥысуеит
Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ргылан 1960-тәи ашықәсқәа рзы. Иара 18 километра Аҟәа инацәхыкны иҟоуп, Бабышьра аҳаблаҿы. 1990-тәи ашықәсқәа рҟынӡа арантәи аҳаирпланқәа ԥыруан СССР ақалақьқәа жәпакы рахь. Аԥхынразы уахыки-ҽнаки рыла имҩаныргон хә-нызқьҩык рҟынӡа апассаџьырцәа.
Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа рзы аҳаирбаӷәазеи асасааирҭеи аԥхасҭа ду роуит, аҵакыраҿы аминақәа ыҵарҵеит. Аҳаирбаӷәаза 1993 шықәса рзы иадыркит.
Ахаша ԥхынҷкәын 15 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Жәлар реизара адепутатцәа рԥылараан иҳәеит, ашықәс нҵәаанӡа аиқәшаҳаҭра анапы шаҵанаҩуа Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аргыларазы апроекттә институт. Уаанӡа ахада иҳәахьан аинвестор дшыԥшаау, аиҭашьақәыргыларазы 120 миллион мааҭ шазоужьхо. Бжьаниа иажәақәа рыла, аԥхьатәи ареисқәа азыԥхьагәаҭоуп ажьырныҳәамза 2024 шықәсазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0