00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:31
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
10 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Ацитрус сезон ахыркәшамҭахь инеиуеит: Гал араион агроном хада иҿцәажәара
13:17
3 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
On air
13:20
4 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
On air
13:43
9 мин
On air
13:52
7 мин
On air
14:00
9 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Взаимный интерес
Абхазия - России. О помощи бойцам СВО и новым регионам России
14:18
3 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Актуальный комментарий
Послание Президента Абхазии к Парламенту. Интервью с депутатом
14:44
3 мин
Дополнительное время
Итоги первого чемпионата по национальной игре "Аимҵакьачара"
14:46
15 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Гыцба аҭҵаарадырра аус азы: аԥара ухы иҭакны уаднакылаӡом

Гыцба аҭҵаарадырра аус азы: аԥара-шьара ухы иҭакны уаднакылаӡом
Анапаҵаҩра
Аԥсуаҭҵааратә институт алитература аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҵбы Инал Гыцба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, аҿар аҭҵаарадырахь рнеиразы гәацԥыҳәарас ирымоу атәы, насгьы уи ҵакыс иамоу.
Шьалуа Инал-иԥа иира 105 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Аҟәа имҩаԥысуеит Аҩбатәи жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа "Аҭҵаарадырреи аҿари" ҳәа хьӡыс иаманы.
Аҵарауаҩ қәыԥш Инал Гыцба итема азкын Шьалуа Инал-иԥа литератураҭҵааҩык иаҳасабала, аха уи акәша-мыкәша инаҷыдангьы дазааҭгылеит имонографиа, 1967 шықәсазы иҭыҵыз, урысшәала иҟоу "Заметки о развитии абхазской литература", - ҳәа иҳәеит иара.
"Аҭҵаарадырра иарбанзалак аҳәынҭқарра аргылараҿы ҭыԥс иаанакыло атәы еилкаатәуп. Уи аныҟамла еиуеиԥшым аҳәынҭқарра ахырхарҭақәа ирныԥшуеит, уи азы даара акраҵанакуеит аҿар рымҩақәҵара. Ҳара ҳаиҳабацәа уи аганахьала имаҷымкәа аџьа азырбоит, избанзар, еилыркаауеит аҿар аҭҵаарадырраҿы рлагала аныҟамла, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш нырха шамам. Еиҿыркаауеит аконференциақәа, иҳарҭоит алшара ҳхы ааҳарԥшыртә еиԥш. Аҭҵааарадырра аус даара ибеиам, аха аԥсуа нхаҩы наӡааӡа зырҳәо иаҟара инаӡоит, избанзар иара иԥсҭазаароуп изыдҳәалоу. Аԥара-шьара ухы иҭакны аҭҵаарадырра аус уаднакылаӡом. Раԥхьа инаргыланы шьала-дала, иуҭахны уазнеироуп. Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы аҿар хыԥхьаӡарала ҳрацәаҩым, аха ҳацәгьаӡам. Ҳаиҵагылоит ҳәа ҳаҿуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Гыцба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0