Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа аҿкы зыдбалаз ҩыџьа аҳәса рыԥсҭазаара иалҵит

© Sputnik Гудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.12.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 36 794-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 29 267-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 549-ҩык.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 – Sputnik. COVID-19 азы атестқәа арҭеит 508-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 119-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа: 70 шықәсеи 83 шықәсеи зхыҵуаз аҳәса.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 93-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 33-ҩык, ибжьаратәуп - 60-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 42-а, урҭ рахьтә 20-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 23-ҩык, урҭ рахьтә ааҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 18-ҩык, урҭ рахьтә хҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы 15-ҩык ачымазцәа шьҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0