Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны апрокурор хада Апарламент рдепутаттә лакьымсра рхыхра мап ахьацәыркыз ахҳәаа аиҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАдгур Агрба
Адгур Агрба - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.12.2021
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 17 рзы имҩаԥысыз Аԥсны Апарламент аилатәараҿы Жәлар Реизара адепутатцәа Гарри Кокаиеи Алмасхан Арӡынбеи рдепутаттә лакьымсра рхыхра мап ацәыркит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 - Sputnik. Аԥсны апрокурор хада Адгәыр Агрба Жәлар Реизара адепутатцәа Гарри Кокаиеи Алмасхан Арӡынбеи рдепутаттә лакьымсра рхыхра мап ахьацәыркыз ахҳәаа аиҭеит Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҟны.
"Сгәаанагарала, ари аӡбамҭа азакәаншьаҭа амоуп, аха сара сахьахәаԥшуа ала, ииашаӡам, иара убас иобективым. Избан акәзар, адепутатцәа рганахь мацара акәӡам ашьаус шхацырку, ахара рыдҵоуп амилициа аусзуҩцәагьы, аминистр ихаҭыԥуаагьы. Адепутатцәа рыбжьы арымҭаӡеит. Иахьатәи аамҭазы ахара зыдҵахо зуалԥшьа назыгӡоз амилициа аусзуҩцәа заҵәык ракәхоит", - иҳәеит иара.
Парламент РА - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.12.2021
Аԥсны
Адепутатцәа Алмасхан Арӡынбеи Гарри Кокаиеи рдепутаттә лакьымсра рхыхра мап ацәыркит
Агрба иҳәеит рдепутаттә лакьымсра рхыхра мап ахьацәыркыз азгәаҭаны анаҩстәи ашьаусҭҵаарақәа шымҩаԥырго.
"Ашьаус ала иҟаҵахо аӡбамҭақәа рҟны Апарламент иахьатәи рыбжьаҭара азгәаҭахоит. Мап ахьыркыз ахәҭала. Мап акра иаанагоит - адепутатцәа рганахьала ашьаус аанкылара. Сара ари ииашам ҳәа исыԥхьаӡоит", - иҳәеит апрокурор хада.
Цәыббра 30 ауха Аиааира амшныҳәа азгәазҭоз адепутат Гарри Кокаиеи, аветеранцәеи, амилициа аусзуҩцәеи рыбжьара аҭыӡшәа ҟалеит, адепутат аԥшаҳәаҿы ажәҩанахь данхыс ашьҭахь. Аусҭҵаара адыррақәа рыла, уи ауха адепутат Алмасхан Арӡынба Аԥсны ААР ахыбра иарбаны дхысит.
Аԥсны Апрокурор хада Адгәыр Агрба Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь инашьҭымҭа инақәыршәаны, Апарламент адепутат Гарри Кокаиа цәыббра 30 рзы дызлахәыз аимак-аиҿак аҟны ихымҩаԥгашьа ашьоит абарҭа ахәҭаҷқәа рыла: амбжьахра, азеиԥшуаажәларратә ҭагылазаашьа аилагара, абџьар ахархәарала ауаажәларра рганахь ала аҳаҭырқәымҵара ҳәа. Адепутат Алмасхан Арӡынба иумҭа – амбжьахра, абџьар закәаншьаҭада амазаара, аҵәахра, аныҟәгара рыхәҭаҷ иаҵанакуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0