Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Адепутатцәа Алмасхан Арӡынбеи Гарри Кокаиеи рдепутаттә лакьымсра рхыхра мап ацәыркит

© Sputnik / Томас ТхайцукПарламент РА
Парламент РА - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.12.2021
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 17 рзы имҩаԥысыз Аԥсны Апарламент аилатәараҿы адепутатцәа ахәаԥшуан Жәлар Реизара адепутатцәа Гарри Кокаиеи Алмасхан Арӡынбеи рдепутаттә лакьымсра рхыхра азҵаара.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 - Sputnik, Асмат Ҵәыџьба. Адепутатцәа Алмасхан Арӡынбеи Гарри Кокаиеи рдепутаттә лакьымсра рхыхра мап ацәыркит.
Аилатәара иалахәын 20-ҩык адепутатцәа. Кокаиеи Арӡынбеи рдепутаттә лакьымсра рхыхраз абжьыҭараан 17-ҩык уи мап ацәыркит.
Ԥхынҷкәын 16 рзы Аԥсны апрокурор хада Адгур Агрба Апарламент ахь ашәҟәы наишьҭит Жәлар Реизара адепутатцәа Гарри Кокаиеи Алмасхан Арӡынбеи рдепутаттә лакьымсра рхыхны дара рганахь ала ашьаус хацыркра азин аиуразы. Ԥхынҷкәын 17 рзы адепутатцәа реилатәараҿы Агрба инашьҭымҭа даԥхьеит.
Генеральная прокуратура Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.12.2021
Аԥсны
Апрокурор хада Кокаиеи Арӡынбеи рдепутаттә лакьымсра рхыхразы ашәҟәы азирхиеит
Цәыббра 30 ауха Аиааира амшныҳәа азгәазҭоз адепутат Гарри Кокаиеи, аветеранцәеи, амилициа аусзуҩцәеи рыбжьара аҭыӡшәа ҟалеит, адепутат аԥшаҳәаҿы ажәҩанахь данхыс ашьҭахь. Аусҭҵаара адыррақәа рыла, уи ауха адепутат Алмасхан Арӡынба Аԥсны ААР ахыбра иарбаны дхысит.
Аԥсны Апрокурор хада Адгәыр Агрба Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь инашьҭымҭа инақәыршәаны, Апарламент адепутат Гарри Кокаиа цәыббра 30 рзы дызлахәыз аимак-аиҿак аҟны ихымҩаԥгашьа ашьоит абарҭа ахәҭаҷқәа рыла: амбжьахра, азеиԥшуаажәларратә ҭагылазаашьа аилагара, абџьар ахархәарала ауаажәларра рганахь ала аҳаҭырқәымҵара ҳәа. Адепутат Алмасхан Арӡынба иумҭа – амбжьахра, абџьар закәаншьаҭада амазаара, аҵәахра, аныҟәгара рыхәҭаҷ иаҵанакуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0