Урыстәыла 30 теракт рҟынӡа аԥырҟәҟәаауп 2021 шықәса аҩнуҵҟа

© Sputnik / Александр Кондратюк / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСлужба пограничников на российско-казахстанской границе
Служба пограничников на российско-казахстанской границе - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.12.2021
Анапаҵаҩра
Ашәарҭадаратә усбарҭақәа русзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа азгәарҭоит ԥхынҷкәын 20 азы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит ашықәс иалагазар 61 террористтә ҟазшьа змоу ацәгьоурақәа аԥырҟәҟәаауп, арахь иаҵанакуеит 32 теракт ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Иахьа жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп. Ҳаамҭазтәи ашәарҭарақәа акыр рымҽхак ҭбаауп, амаҵзура ҷыдақәа рҿаԥхьа адҵа дуқәа ықәгылоуп. Раԥхьа иргыланы имҩаԥгалатәуп рыцҳашьарада атерроризм аҿагылара", - ҳәа иҳәеит Путин ашәарҭадаратә усбарҭақәа дрыдныҳәало. Абри атәы кьыԥхьуп ателеканал "Звезда" асаит аҿы.
Иара иажәақәа рыла атерроризм ашәарҭара акыр аларҟәра алыршоуп.
"Аҵыхәтәантәи 11 шықәса рыҩнуҵҟа 200 теракт аԥырҟәҟәаауп. Атеррористтә ҟазшьа змоу ацәгьоурақәагьы акыр илаҟәит. Сынтәатәи ашықәс иалагазар 61 террористтә ҟазшьа змоу ацәгьоурақәа аԥырҟәҟәаауп, арахь иаҵанакуеит 32 теракт. Ари рбага бзиоуп", - ҳәа иҳәеит Владимир Путин.
Иара иҳәеит ԥхьаҟагьы хра аманы аусура шымҩаԥгалатәу.
"Атерроризм иаҿагыло амилаҭтә еилакы аусурала иаарԥшуп жәларбжьаратәи атеррористтә гәыԥқәа, урҭ реимадарақәа. Аԥыжәаратә ҟазшьа рымоуп аконтрԥшыхәреи акоррупциа аҿагылареи, атәыла аҳәаақәа рыхьчареи рус", - ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада.
Ажәабжьқәа зегьы
0